АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Рашәара.2023

Ажьырныҳәамза 1 инаркны Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 71,8 нызықьҩык, аӡиа Риҵа – 119 нызықьҩык.

Аҟәа. Рашәарамза 21, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 1 инаркны рашәарамза 20, 2023 шықәсанӡа Г. Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 71, 871-ҩык, иалагалаз афинанстә лагалақәа 50 млн. 309  нызқьи 700 мааҭи рҟынӡа инаӡоит.  

2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы аҳаԥы иаҭааз рхыԥхьаӡара  76 534 – ҩык рҟынӡа инаӡоит, иалагалаз афинанстә лагалақәа реицҵалыҵ 46  млн. 863 нызқьи 700 мааҭи рҟынӡа инаӡеит.

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк ажьырныҳәамза 1 инаркны рашәарамза 20 аҟынӡа иаҭааз рхыԥхьаӡара  119 009-ҩык рҟынӡа инаӡоит, иалагалаз афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  79 млн. 317 нызқьи 800 мааҭи рҟынӡа инаӡоит.

2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иаҭааз рхыԥхьаӡара 148 666-ҩык рҟынӡа инаӡон,  иалагалаз афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 81 млн. 889 нызқьи 200 мааҭи рҟынӡа инаӡоит. ***

Лаҵарамза 1, 2022 шықәсазы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала аӡиа Риҵеи Афонҿыцтәи аҳаԥи рахь аекскурсиатә билеҭқәа рыхәԥса шьҭыхын.

Риҵатәи амилаҭтә парк ахь абилеҭқәа рыхәԥса:

Зықәра наӡоу рзы – 700 мааҭ,

8 - 12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы  – 200 мааҭ,

8 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы абилеҭ хәыда-ԥсадоуп.

Аԥсны атәылауаа, 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи аинвалидцәеи  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи рзы Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк ахь аҭалара хәыда-ԥсадоуп.  

Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааразы ишәатәхоит:

Зықәра наӡоу рзы – 700 мааҭ,

8 - 12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы  – 200 мааҭ,

8 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы абилеҭ хәыда-ԥсадоуп.

Аԥсны атәылауаа, аԥснытәи аколлеџьқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи рыстудентцәа, 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи аинвалидцәеи  1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи рзы Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭаара хәыда-ԥсадоуп.    

 

 

 

 


Read 238 times - Ахаша, 21 Рашәара 2023 21:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.