АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Рашәара.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳақьымцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

Аҟәа. Рашәарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳақьымцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

Агәабзиарахьчара аҿы алагала дууи зыҩаӡара ҳараку азанааҭдырреи рзы «Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара ранашьоуп:

Конџьариа Маиа Алеқсандр-иԥҳа – Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҟны иҟоу ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым-педиатр.

Хәырхәмал Шьазина Родик-иԥҳа – Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым-пульмонолог.

«Агәабзиарахьчара аусхкы аҿы алагала дууи шықәсырацәала ламысцқьала аусуразы, «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьоуп  Еныкь Алла Таҷ-иԥҳа – аҳақьым-лаборант, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аклиникатә лабораториа аиҳабы.


Read 205 times - Аҩаша, 20 Рашәара 2023 14:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.