АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Рашәара.2023

Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит Ацқьа апостол Симон Канттәи еицамкуа ибаҩ-ишаҩ аҟәырҷахақәа.

Аҟәа. Рашәарамза 19,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ацқьа Ааӡабхгаҩы Вонифати ихьӡ зху Агәыҳалалратә фонд Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа наӡаӡатәи ашьҭаҵара азы ҳамҭас ианаҭеит Ацқьа апостол Симон Канттәи еицамкуа иибаҩ-ишаҩ аҟәырҷахақәа.

Ацқьа апостол Симон Канттәи еицамкуа ибаҩ-ишаҩ аҟәырҷахақәа  рыиагара мҩаԥысит Аимператортә аиашахаҵаратә  палестинатә еилазаара аԥшьгарала.

Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахада Виссариаон Аԥлиа Аԥсныпресс акореспондент диҿцәажәо, Аԥснытәи аиашахаҵаратә уахәама азы Симон Канттәи еицамкуа ибаҩ-ишаҩ аҟәырҷахақәа ари ахҭыс Египеттәи Виссарион игәалашәара амш аҽны иахьыҟалаз даара асимволтә ҵакы аҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара, аиашахаҵаратә қьырсианцәа ҳзы, ари даара гәырӷьара дууп. Ари ҳара ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ззахь ҳхьаԥшуа, ҳзымҵаныҳәо Ацқьақәа еицамкуа рыбаҩ-рышаҩ аҟәырҷахақәа роуп. Ҳара ҳамҭас иҳарҭеит Аԥснынтәи иргаз, анаҩс  Европа иҟаз, ахәҭак Дамаск иҟаз Симон Канттәи еицамкуа ибаҩ-ишаҩ аҟәырҷахақәа. Аџьар  рхаргыланы аиасрақәа раан урҭ Франциаҟа инаргеит. Арҭ Симон Канттәи еицамкуа ибаҩ-ишаҩ аҟәырҷахақәа уаҳа џьаргьы адунеи аҿы иҟам. Ацқьа ибаҩ-ишаҩ Афон Ҿыц  аԥхьакырҭа аҿы иҟоуп», - ҳәа иҳәеит аб Висарион.

Аб Виссарион иҟаиҵаз адыррақәа рыла, акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иаҭан Ацқьа еицамкуа ибаҩ-ишаҩ аҟәырҷахақәа зҭоу амедалион. Уи П. М. Третиаков ихьӡ зху Анаука-ҭҵааратә ихьыԥшым аекспертиза адиректор Алеқсандр Чвала иҿы иҵәахын. 

Ихьӡырку араӡнытә медалион Италиа,  XVII анҵәамҭеи – XVIII ашәышықәса алагамҭеи ирыҵанакуеит.

Алеқсандр  Чвал  иара убас Аԥснытәи аиашахаҵаратә уахәама ахада, аиереи Виссарион Аԥлиаа напыла иҟаҵоу акәалаԥ иҭаз Ацқьа Виссарион Египеттәи еицамкуа ибаҩ-ишаҩ аҟәырҷахақәа ҳамҭас ииҭеит.


Read 214 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.