АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Рашәара.2023

Ҩ-сааҭк ирылагӡаны агәахәара: аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба афилармониа аҿы дықәгылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥшьаша, рашәарамза 15 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа аҿы еицырдыруа урыстәылатәи аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба иконцерт мҩаԥысит.

Ахәылԥаз аартуа, амҩаԥгаҩ Есма Џьениа амузыкант активла имҩаԥиго агастрольтәи арҵаҩратәи иусуреи, уи Аԥснытәи артистцәеи иареи русеицуреи ртәы еизаз ирзеиҭалҳәеит.

Ишьақәгылаз атрадициа ала, аскрипкарҳәаҩы ҳреспубликаҿы иқәгылараан аконцерт рхы аладырхәуеит Аҳәынҭқарратә филармониа артист ҿарацәеи аԥышәа змоу анагӡаҩцәеи. Убасҵәҟьа иҟалеит иацы имҩаԥысыз аконцертгьы. Араҟа иқәгылеит Нана Черқьезиа (сопрано), Кристина Ешба (сопрано), Елена Ҳагба (арфа), Емилиа Терзиан-Ҳагба (аскрипка), Алеқсандр Аҩӡба (альт), Светлана Сариан (афортепиано), Лана Адлеиба (афортепиано).

Апрограмма еиуеиԥшым аепохақәа ирыҵанакуа аклассикатә музыка ала ишьақәгылан: Бах иҟынтәи Роберто ди Марино иҟынӡа. Аконцерт даара игәылҭәаахеит, уи ҩ-сааҭк рҟынӡа имҩаԥысуан. Акомпозиторцәа Чаиковски, Брамс, Креислер, Сен-Санс шьахәла инагӡаз рсолотә рҿиамҭақәа рнаҩс Виктор Абрамиан-Ешба афилармониа асолистцәа дрыцны ансамбль аилазаарала дықәгылеит.  Убас, иара Емилиа Терзиан-Ҳагба длыцқәгыло инаигӡеит Бах ирҿиамҭақәа рыла ре-минор аконцерт, Елена Ҳагԥҳаи Алеқсандр Аҩӡбеи дрыцқәгыло – Габриель Форе исиуита.

Амузыкатә хәылԥазы рықәгыларала идырԥшӡеит ашәаҳәаҩцәа  Кристина Ешбеи Нана Черқьезиеи, урҭ Вивальди, Штраус, Масне, Маскани, Ана рырҿиамҭақәа рыла еиуеиԥшым ариақәа нарыгӡеит, рықәгылараҿы зеиӷьаҟам ала зыҩаӡара ҳараку авокалтә ҟазареи игәыҟаҵагоу  пианиссимои аадырԥшит.  Иара убас Акамертә оркестр арфахәмарҩы, иҵаулоу, иԥшӡоу сопрано змоу Елена Ҳагба Шуберт еицырдыруа икомпозициа «Ave Maria» нылыгӡеит.  

Москватәи аконсерваториа аҩбатәи акурс астудентка Лана Адлеиба авокалистцәеи аскрипкарҳәаҩцәа рыцырҳәара адагьы, аопера «Трубадур» аҟынтәи Верди-Лист иконцерттә парафраз зеиӷьаҟам ала иналыгӡеит.  

Алеқсандр Аҩӡбеи Светлана Сариани инарыгӡаз  ҳаамҭазтәи италиатәи акомпозитор Роберто ди Марино ирҿиамҭа  «Chronos» даара игәыҟаҵагаха азыӡырҩцәа ргәаҵанӡа инаӡеит.  Ари амузыка абжьы атемпераменттә, еилыкка иҟоу, зыԥхарала аӡы рԥханы ахылҩа-ԥсылҩахара алзыршо амра ашәахәақәа зылԥхаауа ацәықәбарқәа реиԥш узыршанхо аҟазшьа амоуп.  

Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз Виктор Абрамиан-Ешба виртуозла инаигӡеит Едвард Елгар ирҿиамҭа шьахә «Привет любви»,  иара убас  Брамс ирҿимҭа «Венгерский танец».

Аконцерт ашьҭахь Аԥсны акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ  Динара Смыр, Виктор Абрамиан-Ешба «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьаразы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа атекст даԥхьеит.  

Угәы иаамыхәар залшомызт азал аҿы хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа ахьыҟаз. Урҭ рзы Аԥсны акультура аганахьалагьы иаатит.


Read 412 times - Асабша, 17 Рашәара 2023 20:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.