АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Рашәара.2023

Аҳҭнықалақь Ахадараҿы агеодырраҭаратә хсаалага аӡыргара мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳҭнықалақь Ахадараҿы агеодырраҭаратә хсаалага – Аҟәа ақалақь агеографиатә информациатә система  аӡыргара мҩаԥысит. Агеодырраҭаратә хсаалага еиқәиршәеит Ахра Бжьаниа.

2021 шықәсазы Аҟәа ақалақь Ахадареи Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаареи «Карта»  аҳҭнықалақь ацифратә хсаалага аиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аӡыргара рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, уи ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба, иарбру ахсаалага зусураҿы даара ихәарҭа дуны иҟало аҳҭнықалақь Ахадара аҟәшақәа русзуҩцәеи рнапхгаҩцәеи.

«Иарбоу агеографиатә информациатә система иарбоу адыррақәа ахырхарҭарацәала ишьақәгылоуп – уахь иаҵанакуеит еиҿыгоу, ҳаԥхьаҟа аконкретизациа азура зылшо еиҳа иԥкаау абаза. Аусура ихадоу ахәҭа мҩаԥгоуп – ашьаҭа ӷәӷәа аԥҵоуп», – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа Ахадара аофициалтә саит.

 

Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Карта» аҭыԥқәа зегьы деталла еилыкка иузырбо иҷыдоу аппаратура аанахәеит, анаҩс аҳҭнықалақь амҩақәеи аобиектқәеи ахатәы ҩнқәеи аҩнеихагылақәеи ааглыхратәии анхамҩатәии аргыламҭақәеи зегьи архитектура   абаҟақәеи рортофотоҭыхра мҩаԥнагеит. Агеодырраҭаратә хсаалага иарбоуп афымцаҳақәа, акоммуникациақәа, аҿышәҭахҩақәа, аӡымҩангара шәырақәеи ацрыӡмҩангагақәеи рдиаметри рыҵазаара аҵаулареи. Иара убас, иарбоу ахсаалага ақалақь аҿы ишьақәыргылоу авидеокамерақәа ирыдҳәалоуп.

Иарбоу аетап аҟны, Ахра Бжьаниа иажәақәа рыла, ақалақь Атехникатә Инвентаризациа Абиуро аҟны, иара убас агеологиеи агеодезиеи акартографиеи рзы Аусбарҭа аҟны иҟаз апланшетқәа рҟынтәи аинформациа ахсаалага иалагалоуп, ҳаԥхьаҟа иҿыцу аобиектқәа рцәырҵреи акоммуникациақәа рырҿыцреи инамаданы ацҵақәа напыла алагалара ҟалоит.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аилазаара «Карта» адиректор хада имҩаԥгоу аусуразы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.  

Ахра Бжьаниа ақалақь Ахадара аусзуҩцәа рзы Аҟәа ацифратә хсаалага ахархәара, ирҭаху аинформациа аԥшаара, иара убас иҿыцу аинформациа алагалара дырҵара иазкны аҵаратә курс мҩаԥигараны дыҟоуп.  Иара адыррақәа аусуратә компиутерқәа зегьы рахь апрограмма алагалара амыцхәрас азеиԥш сервер аҟны реизакра азы абжьгара ҟаиҵеит. Ахра Бжьаниа иара убас ахсаалага астационартә компиутер аҿы еиԥш аперсоналтә планшетқәа рылагьы ахархәара ҟалоит ҳәа алкаа ҟаиҵеит. 


Read 370 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.