АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Лаҵара.2023

Инал Арӡынба: «Иахьа Аԥсни Шьмтәылеи иҿыцу, еиҳа ииашоу адунеиеиҿкаара ашьақәгылара иазықәԥоит».

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 5-шықәса аҵреи аҩ-ҳәынҭқаррак адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵареи инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.  

«Лаҵарамза 29, 2018 шықәсазы Аԥсни Шьамтәылеи аҩганктәи азхаҵареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵареи рзы алаҳәара ҟарҵеит. Убри ала урҭ аԥсныжәлари Шьамтәыла ажәлари шықәсырацәала ирыбжьаз аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи аимадареи официалла ишьақәдырӷәӷәеит.   

Иахьа Аԥсни Шьмтәылеи иҿыцу, еиҳа ииашоу, ажәларқәа рзинқәа ҳаҭыр ахьақәырҵо,  жәларбжьаратәи арена аҿы згәаанагара аартны изҳәо аҳәынҭқаррақәа ирҿагыланы Мраҭашәаратәи атәылақәа инарыгӡо мчылатәи, изакәаным, ганкы иадызцәыло ауснагӡатәқәа аҭыԥ ахьрымам адунеиеиҿкаара ашьақәгылара иазықәԥоит», - ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.

Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа ахада Шьамтәылеи уи ажәлари ирзеиӷьаишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи.

Уи иара убас Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аринахысгьы Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аусеицуреи аиҩызареи рырӷәӷәара азы аусура ишазхиоу азгәеиҭеит. 

 

 


Read 413 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.