Лаҵарамза 23, 2023 шықәсазы, Аҟәа ақалақь, аинрал В.Аршба (ԥыхьатәи Сахаров имҩа) имҩеи В.Арӡынба имҩеи реихысырҭаҿы, 14 сааҭи 10 минуҭи инарзынаԥшуа, иҭҟьоз абџьар аҟынтәи еихсны дшьын 2002 шықәсазы ииз Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Аидын Ахмеҭ. Иара убас ԥшьҩык атәылауаа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит. Ааха зауз рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп зықәра наӡам, 2009 шықәсазы ииз атәылауаҩгьы.