АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Лаҵара.2023

Лаҵарамза 29 рзы Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵиижьҭеи 12 шықәса ҵит.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 29 рзы Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵиижьҭеи 12 шықәса ҵит. (хәажәкырамза 4, 1949ш. – лаҵарамза 29, 2011ш.).

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкырамза 4, 1949 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы. 10 тәи Ашьхарыуаа рышкол даналга ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи ақыҭанхаҩтә асубтропикатә институт аограном изанааҭ ала. Уи аҵара бзианы иҵон, убри инамаданы аусгьы иуан, аԥхьа аус иуан аҩыҟаҵарҭатә завод аҿы. Нас аус иуан аҳәынҭқарратә банкаҿ инкосатырс. Истудентә ԥсҭазаараҿ бзиа ибон аспорт, дыҟан капитанс Аԥсны еидкылаз амҵәышәмпыл асраҿы.

В 1972 шықәсазы Москватәи ақыҭанхамҩатә аҟәша аефирхәшат совынхара еиҳабыс. 1973-1974 шш. рзы дахысит аррамаҵура. Уи далган данаа ашьҭахь дҟаҵан Аԥснытәи абком акомҿар рымҩақәҵаҩ еиҳабыс.

1978 ш. Сергеи Багаԥшь дҟаҵан еиҳабыс Қырҭтәылатәи аинформациатә сектор аҿы, иара убас уи инадҳәалан дҟаҵан аҿар рқыҭанхамҩатә усуҩ еиҳабыс.

1980 ш. дыҟан Қырҭтәыла ВЛКС Аԥснытәи аобком маӡаныҟәгаҩс.

1982 ш. Сергеи Багаԥшь дахаргылан Очамчыратәи РК Қырҭтәыла КП актәи амаӡаныҟәгаҩыс.

1989 ш. далахәын Аԥсны имҩаԥысуаз аилыхара. Уи аилыхараҿ иоуит ахәара. Уи аилыхара дахьылахәыз азы имхын ипартиатә маҵура.

1989-1991 шш. дыҟан Аԥсны Аҳәынҭқарратә АССР агроаалыхратә аилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩс.

1992 ш. С. Багаԥшь дҟаҵан Совмин 1 тәи ихаҭыԥуаҩ ихантәаҩыс. 1992-1993 шш. ақырҭуа-аԥсуа реидыслараҿ актәи амшаз Аҟәа иалахаз аԥсуа ҭаацәара рхәҷқәеи дареи ралгара дацхрааит. Уи имҩаԥигон аиҿцәажәара ақырҭуеи-аԥсуеи реидыслараҿ. Иара убас уи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан Аҟәеи Қарҭи ақалақьқәа рҿы. Раԥхьатәи аидысларақәа рҿы С. Багаԥшь ихы зызкыз ижәлар ишахәҭаз џьаԥҳанылеи, амедикамент маҭәахәқәеи, абылтәи рыла реиқәыршәара акәын. Уи имҩаԥигон аиҿкааратә усқәа мраҭашәаратәи Урыстәылеи Нхыҵ-Кавкази хатәгәаԥхарала иааз рыбжьара. Изныкымкәа далахәын ақырҭуеи-аԥсуеи реидыслара аиныршәараҿ.

Аибашьра ашьҭахь аминисторцәа рсовет аилазаареи 1 тәи ихаҭыԥуаҩ ахантәаҩыс Аԥснынтәи дышьҭын Москваҟа, Урыстәылатәи аҳәынҭқарреи Аԥсны аицхыраара рыбжьалараҿ аиқәшаҳаҭрақәа мҩаԥигон, иара убас уа иҟаз аԥсуаа рыцхырааразы.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аиҳабыра дахагылеит.

2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара. 2009 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас деиҭалхын.

Сергеи Багаԥшь ихьӡ адҳәалоуп Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура. 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит, анаҩс уи азханаҵеит Венесуела, Никарагуа, Науру, Тувалу.

Сергеи Багаԥшь напхгара зиҭоз аԥснытәи аделегациа нанҳәамза 2010 шықәсазы аибадырратә визит аҳасабала Лаҭынтәи Америка атәылақәа ирҭааит.

Сергеи Багаԥшь аҳынҭқарра данахагылаз аамҭазы Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара аныҟала ашьҭахь раԥхьаӡа акәны ареспублика аусуратә визитла даҭааит Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр Владимир Путин (2009 ш.), нанҳәамза, 2010 шықәсазы усҟан Урыстәыла Ахадас иҟаз Дмитри Медведев.  

Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь 63-шықәса дшырҭагылаз иаамҭамкәа иԥсҭазаара далҵит лаҵарамза 29, 2011 шықәсазы.  Сергеи Багаԥшь Урыстәылатәи Афедерациа Москватәи аклиникатә хәышәтәырҭа №83 аҿы дышьҭан. Уи игәамбзиара аҭагылазаашьа иҟаз ала, ишьақәаргылан Аԥсны ахада ирыԥҳа акиба шамаз.

Аԥсны Аҩбатәи Ахада ирыԥҳақәа рҿы иҟаҵаз аԥҟара ашьҭахь мчыбжьык ааҵуаны  лаҵарамза 27 ауха Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь игәабзиара зынӡа ицәгьахоит. Уи ацхыраара ӷәӷәа шимазгьы, ичымазара дзазымиааикәа идунеи иԥсахуеит.

Сергеи Багаԥшь Анышә дамадоуп Очамчыра араион, иқыҭа гәакьа Џьгьарда иани иаби рывараҿы.

***

 

 

 

 


Read 288 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.