АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Лаҵара.2023

Лаҵарамза 21 – Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 21 рзы  159 шықәса ҵуеит аурыс-кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи. Уи иахҟьаны,  XIX ашәышықәсазы зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылеи Ааигәа Мрагылара атәылақәеи рахь ихҵәаны имцар ада ԥсыхәа рмоуит.

Лаҵарамза 21 рзы Аԥсны еиԥш Нхыҵ Кавказ ареспубликақәагьы рҿы иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш.

Массала аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны рцара аиҳарак изыхҟьаз атәы еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы Гьаргь Ӡиӡариа ифундаменталтә усумҭа «Амҳаџьырреи ХIХ ашәышықәазтәи Аԥсны аҭоурых апроблемақәеи» аҿы иарбоуп:

Аурыс аҳра Кавказ инанагӡоз аколониалтә политика;

Ари адгьылҵакыра ампыҵара иашьҭаз асулҭантә Ҭырқәтәыла имҩаԥнагоз агрессивтә акциақәа;

Ҭырқәтәыла иадгыланы Урыстәыла Ааигәа Мрагылараҿы апозициақәа рыркәадара иашьҭаз мраҭашәаратәи, аиҳарак англызтәи аколонизаторцәа инарыгӡоз апровокациатә роль;

Аҭырқәцәа ирыдызцәылоз ареакциатә феодалтә идиологиа иадгылоз аҭыԥантәи ҭауади-аамсҭеи рчарҳәара.

Акыр аҵанакуан адинхаҵаратә факторгьы. Атәыла ауааԥсыра рыхәҭак иныҟәыргоз амсылмантә дин  аҭырқәа сулҭан амсылманцәа зегьы иреиҳаӡоу ахылаԥшҩны дыҟоуп ҳәа ирыланарҵәон. Асоциалтә напхгараҭара знапы иакыз рхы иадырхәон ашәышықәсала ишьақәгыланы иҟаз аҵасқәеи аимҭашьҭратә еизыҟазаашьақәеи. Аурыс аҳра Кавказ арра-колониалтә режим ашьақәыргылара азы аҽазышәарақәа ашьхарыуа жәларқәа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аҿиара ахылҿиаауан.  Аҳ иеинралцәеи ачынуааи рҽазҵәылхны «мчыла аиқәкра» аметодқәа нарыгӡон. Уи рхы иадырхәон аҳра зуаз англызтәии аҭырқәатәи аелита. Урҭ рхықәкқәа рынагӡара мацара иазхәыцны еиҳагьы аҭагылазаашьа дыруадаҩуан.  

XIX ашәышықәса актәи азыбжазы убасҵәҟьа Кавказ иқәынхоз ауааԥсыра, аԥсуаагьы уахь иналаҵаны ихҵәаны Ҭырқәтәылаҟа рцара афактқәа аҭыԥ рыман.  

Кавказ ашьхарыуаа жәларқәа раԥхьаӡа массала аҳәаанырцә рцара ҟалеит 1859 – 1865 шш. рзы.

1867 шықәсазы иҟалаз амҳаџьырра ԥхынгәымза 26, 1866 шықәсазы Лыхны ақыҭан ажәлар рықәгылара иахҟьеит. 20 нызықьҩык Аԥсны ааныжьны мҳаџьырра ицеит.  

ХIХ ашәышықәсазы  зегьы иреиҳаз амҳаџьырра ҟалеит 1877 шықәсазы, усҟан Аԥсны ааныжьны ицеит  50 нызықьҩык.

Амҽыша, лаҵарамза 21 рзы, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳынҭқарратә Еилаки аџьынџьуаа рыԥадгьыл ахь рырхәынҳәразы Аҳәынҭқарратә Еилаки  Кавазтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш иазкны аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.  

Асааҭ 12:00 рзы  аплатформа «Гәыма» аҿы асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьопуа играфикатә усумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥгахоит. Иара убраҵәҟьа Асланбек Мирзоеви Виачеслав Чыркбеи «Кавказтәи аибашьра. Амзызқәеи ахҟьаԥҟьақәеи» атема ала иаарту алекциа мҩаԥыргоит.  

Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа аплошьад аҟны аҭоурыхтә фотосахьақәеи, иара убас арепатриантцәа иҭырхыз асахьақәеи цәыргақәҵахоит.  

Асааҭ 15:00 рзы –арепатриантцәа рхәыҷқәа рзы ахыци ахәымпали рыла ахысразы амастер-класс мҩаԥгахоит.

Асааҭ 20:00 рзы – Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу амҳаџьыраа ргәалашәара абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.

Асааҭ 20:15  рзы – Минуҭктәи аҿымҭра.

Асааҭ 21:00 рзы – Агәалашәаратә амца аиқәҵареи амшын ашәҭ шьыҵәрақәа рыхҵареи мҩаԥгахоит.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/5442-21-maya-den-pamyati-zhertv-kavkazskoj-vojny.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 207 times - Аҩаша, 30 Лаҵара 2023 00:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.