Аамҭак азы Гәдоуҭа араион Приморсктәи абжьаратәи ашкол аҿы аус луан.
1968 шықәсазы Қырҭтәыла Акоммунистә Партиа Гәдоуҭатәи аҟәша апартиатә кабинет абиблиотекаусзуҩыс аус луан.
1982 шықәсазы Н. А. Лакоба ихьӡ зху музеи адиректорс дҟаҵан.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 80-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Малыиа Лиудмила – Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҭоурых-мемориалтә музеи адиректор.
Лиудмила Малыиа диит лаҵарамза 5, 1944 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь, амаҵурауаҩ иҭаацәараҿы.
1963 шықәсазы далгеит Н. А. Лакоба ихьӡ зхоу Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол, иара убри ашықәсан Аҟәатәи арҵаҩратә Институт, аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет дҭалеит, дагьалгеит 1967 шықәсазы.