АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Лаҵара.2023

Аԥсны адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭа аԥҵара 30-шықәса ахыҵра инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак аилатәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 16 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр аҟны Аԥсны адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭа аԥҵара 30-шықәса ахыҵра инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу Ауаажәларратә Хеилак аилатәара мҩаԥысит.   

Аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Белоруси, иара убас Аидгыларатә ҳәынҭқарреи русеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

Аиԥылара иалахәыз иара убас Аахыҵ Кавказ аҿы ашәарҭадара асистема аҭагылазаашьа, ахәҭакахьала, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргыларазы Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа ирылацәажәеит.

Иара убас  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ааигәа Мрагылара аганахьала иазԥхьагәаҭаны иамоу аусура азҵаарақәа ирыхәаԥшит.


Read 180 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.