Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахәаахәҭратә хаҭарнак, Москватәи Акультура Усуратә Центр ахылаԥшратә Хеилак ахантәаҩы Олег Барцыц аконгресстәи ацәыргақәҵаратәи аусура азы Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа Рҳәынҭқаррабжьаратәи Ахеилак аусура ихы алаирхәит.
Мшаԥымза 5 рзы Москва ақалақь, Жәлар Рынхамҩатә Еихьӡарақәа Рцәыргақәҵа (ВДНХ) аҿы имҩаԥысит аконгресстәи ацәыргақәҵаратәи аусура азы Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа Рҳәынҭқаррабжьаратәи Ахеилак аилатәара.
Аилатәара рхы аладырхәит Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәа, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа, Москва Анапхгара, Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа рдипломатиатә миссиақәа рхаҭаранакцәеи ажурналистцәеи. Аилатәара иалахәыз еиуеиԥшым аформатқәа рҿы азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, иара убас аинтеграциатә усеицура апотенциал иазааҭгылеит.
Аилатәара аҿы дықәгыло Олег Барцыц Аԥсны азинтә шьаҭала Ихьыԥшым аҳәынҭқарратә Реиҩызара атәылақәа реилазаара ишаламгьы, жәаҳәарада асоветшьҭахьтәи евразиатәи аҵакыра иузаҟәымҭхо ахәҭаны иаанхоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳара излауо ала Аԥсны Аҳәынҭқарра апозициақәа рырҭбаареи уи аекономикатәии акультуратәи апотенциал анагӡареи рзы иҟоу аҭагылазаашьақәеи алшарақәеи ҳхы иаҳархәалоит. Иарбоу ахықәкы анагӡараҿы ароль ду нанагӡоит Жәлар Рынхамҩатә Еихьӡарақәа Рцәыргақәҵа (ВДНХ) аҿы акультура-цәыргақәҵатәи ахәаахәҭратәи апавилион еиԥш иҟоу, акыр зҵазкуа аинструмент аҟазаара. Уаанӡа Москава ақалақь ахада Сергеи Собианин уи аиҭашьақәыргылара ҭагалан, 2023 шықәсазы ихыркәшахоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵахьан», - ҳәа иҳәеит Олег Барцыц.
Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак ҳаԥхьаҟа Аԥсны хра злоу аимиџь аԥҵареи Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа рџьармыкьақәа рҿы Аԥсны амилаҭтә аалыҵ аӡыргареи зхатә ҟазшьа змоу аԥсуа культура апопулиаризациеи рзы мҽхакы ҭбаала акомплекстә усура нагӡатәхоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аԥсны Москватәи Акультура-Усуратә Центр ари аусура Москватәи аԥсуа диаспореи Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси алархәны имҩаԥнагалоит. Арҭ аиҿкаарақәа аеффективра злоу, зус здыруа акомандақәа рымоуп. Уаҟа аус руеит аҟыбаҩи апатриотреи злоу аҿар маҷымкәа. Ишдыру еиԥш, Москватәи аԥсуа диаспореи Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси имаҷымкәа инарыгӡахьеит ҳтәыла азы хра злоу амбициатә проектқәа», – ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит Олег Барцыц.