Ажәахәқәа иара убас иҟарҵеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара архылаԥшра азы Аусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Ремзик Ҷанба, аусеилыргаратә усбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Фатима Циба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҟәша аиҳабы Наҳар Лагәлаа, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы акәантрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿагылара азы аусбарҭа анапхгаҩы Рауль Ӡкәуа, аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра азинтә ҟәша анапхгаҩы Викториа Џьынџьал.
Атәыла апрокурор Хада Адгәыр Агрба, аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо, апрокуратура Хада алҵшәа бзиеи аеффективреи аазырԥшуа аусеицура аиҿкаара иазырхоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Иахьатәи ҳаиԥылара атема алхра машәыршакә иҟамлаӡеит. Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟа ала, ҳара есԥшьбарак рзы акоординациатә еилатәарақәа мҩаԥаагалароуп, ҳара зылацәажәара хымԥадатәиу еиҳа апроблема зҵоу азҵаарақәа алаҳхуеит», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.
Уи ишазгәеиҭаз ала, арҩышьыгатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршареи рыдкылареи рыларҵәареи акыраамҭа зҵазкуа аҟазшьа амоуп.
«Ари апроблема иахьакәӡам иацгьы акәӡам ианцәырҵыз, уи ыҟоуижьҭеи акыр аамҭа ҵуеит, уи аӡбарагьы аналыршахо аамҭа аӡәгьы издырӡом. Ҳара ҳколлегацәа ишырҳәаз ала аметодқәа зегьы аеффективра рыланы иҟам. Уи сақәшаҳаҭымхар залшом, избан акәзар, ҳара иҳамоуп ҳхатәы усуратә методқәагьы. Урҭ, сара сгәаанагарала, ҳауаажәларреи ҳзинхьчаратә усбарҭақәеи рзы еиҳа еффективра рыланы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Адгәыр Агрба 2022 шықәсазы инагӡаз аусура еиҳа аҩаӡара шыҳаракыз азгәеиҭеит.
«Аусура алҵшәақәа еиҳа еиӷьхеит. Ас еиԥш иҟоу ацәгьоурақәа аарԥшреи раартреи – ҳхықәкы хаданы иҟоуп. Егьырҭ аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи зегьы апрофилактика ауп аиҳарак рнапы злаку, уигьы ҳауаажәларра рзы хра злоу усны иҟоуп», – ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит Адгәыр Агрба.
Акоординациатә еилатәара аихшьаалақәа рыла, иҟаҵаз азгәаҭарақәеи ажәалагалақәеи ҳасаб азуны еиқәыршәаз ақәҵара Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа ркоординациатә Хеилак алаылацәа ирзышьҭхоит.