Убас уи иацу аилыркаагатә шәҟәаҟны иазгәаҭоуп: «Ари азакәанапроект акрызҵазкуа аԥҟарақәа ируакуп абиостерлизациа амҩаԥгарала алаҟьалақәеи ацыгәқәеи рхыԥхьаӡара аиҵатәразы рхыԥхьаӡара аҳәаақәҵара инамаданы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирыдҵахо».
Ари азакәанапроект адкылара административтә зинеилагарақәеи аԥстәқәа рзыҟазаашьаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагалареи анормативтә актқәа жәпакы разырхиареи аҭахны иҟанаҵоит.
Абри инамаданы Аилак алахәцәа изхәаԥшыз азакәанапроект инадҳәаланы иахәаԥшит аԥстәқәа рзыҟазаашьаҟны азинеилагарақәа рыҟаҵаразы ахараԥсатә санкциақәа еиҳаны ишьақәзыргыло «Административтә зинеилагарақәеи аԥстәқәа рзыҟазаашьаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. ́
Аилатәарахь иааԥхьаз аԥстәқәа рыхьчара иадҳәалоу ауаажәларратә еиҿкаара ахаҭарнакцәа излацәажәаз азҵаарақәа рзы ргәаанагара рҳәеит.
Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Аилак апарламент иаднагалеит арҭ аҩ-закәанапроектк Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара актәи аԥхьараан рыдкылара.
Аилатәараан иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә закәанеидкыла аҩбатәи ахәҭа аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Уи азкуп хазы игоу ақьыразы – афинанстә қьыра (ализинг) азы аиқәшаҳаҭра азинтә ҳәаақәҵара.
Иара убас адепутатцәа рыҟны ицәырган атәылауаҩратә зинқәа рынагӡара алыршара хықәкыс иаҭаны иазырхиаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәанапроект. Арҭ аԥсхарақәа инарықәыршәаны, ацифратә зинқәа рынагӡара алыршахоит аинформациатә системаҟны мацара, ахԥатәи ахаҿы ида.
Аилак алахәцәа ирабжьгоуп Атәылауаҩратә закәанеидкылахь ирыдгалоу аԥсахрақәа Апарламент асессиа изаамҭанытәиу аилатәараҟны актәи аԥхьараан рыдкылара.