АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Хәажәкыр.2023

АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АРҨЫШЬЫГАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА РЫЛАРҴӘАРЕИ РЫДКЫЛАРЕИ РҾАГЫЛАРАЗЫ ИҞАҴАТӘУ ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023и шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент аҟны имҩаԥысит Ҭемыр Шергелиа хантәаҩра ззиуаз атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара.

Аилак аилатәара иалахәын Апарламент аҟны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, ари аусбарҭа егьырҭ аусзуҩцәа. Аилатәара иалахәыз Аԥсны арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыларҵәареи рыдкылареи инарымаданы иҟоу аоперативтә ҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәа, ари аусхк аҟны аус зуа азакәанԥҵара анагӡашьа ирылацәажәеит.

Жәлар Реизара-Апрламент аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, ишьақәгыло азакәанхархәаратә ԥышәа иалацәажәо, аилатәараҟны ҷыдала хшыҩзышьҭра арҭеит Апарламенти азинхьчаратә еилазаарақәеи, анагӡаратә мчхара аусбарҭақәеи аԥхьаҟатәи русеицура.

 


Read 246 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.