АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫ ИМҨАԤЫСУЕИТ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИЕИ РЫРБЏЬАРМЧҚӘА ЕИЦЫНАРЫГӠО АТАКТИКАТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны имҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи  Урыстәылатәи Афедерациеи Рырбџьармчқәа еицынарыгӡо арра-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа. Арратә ҽазыҟаҵарақәа атәылахьчаратә ҟазшьа рымоуп, Аԥсны ашәарҭадара аиқәыршәара иазырхоуп, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Рырбџьармчқәа еицынарыгӡо арратә хысрақәа зцу атактикатә ҽазыҟаҵарақәа аибашьратә хықәкы анагӡараҿы арратә дыррақәа рыҩаӡара аизырҳара иазкуп.

Иарбоу арратә ҽазыҟаҵарақәа аамҭак ала ахысырҭақәа зегьы рҿы имҩаԥысуеит.

Раԥхьаӡа акәны арратә ҽазыҟаҵарақәа раан аԥышәатә хархәара аиуит архәҭақәа рнапхгараҭара азы аинформациа-телекомуникациатә система.  

Иааизакны атактикатә ҽазыҟаҵарақәа рҿы ҳаамҭазтәи арратә уснагӡатәқәа рдинамикатә ҟазшьа аусдулара мҩаԥысит.


Read 268 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.