АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Хәажәкыр.2023

АМАРШРУТ «ШӘАЧА – ГАГРА» АЛА АФЫМЦАДӘЫӶБА «ЛАСТОЧКА» АУРЫЖЬҬУЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» аҿы хәажәкырамза 13 -18 рзы Москваҟа имҩаԥгаз аусуратә ҭаара аихшьаалақәа ирызкны абрифинг мҩаԥысит.

«Аԥсны Аихамҩақәа» анџьныр хада Леонид Ҟәыруа амаршрут «Шәча–Гагра» ала афымцадәыӷба  «Ласточка» аужьҭра шыҟало азы адырра ҟаиҵеит.  

«Ҳара аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсныҟа аԥсшьараҳәа иаауа ауаа рхыԥхьаӡара ишацлаз азгәаҭо, иҳамҳәар залшом апассаџьырцәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа еиԥш, Аԥснынтәи Урыстәылаҟа рыиагара азҵаара шыуадаҩу атәы.   Иаарту Акционертә Еилазаара «Урыстәылатәи Аихамҩақәа» иҳаднагалон атуристцәа рыиагара аҩганктәи аиҿкаара. Иҳадгалан еиуеиԥшым авариантқәа. Уахь иаҵанакуеит иаагозар атуристтә дәыӷба «Риҵа» аужьҭра, иара убас атуристтә маршрут ««Череповец – Аҳәаирбаӷәаза Шәача – Гагра – Аҟәа» ала апассаџьыртә мҩангара аиҿкаара. Арҭ апроектқәа иахьатәи амш азы ахәаԥшреи аҭҵаареи мҩаԥысуеит, ицәырҵуа атехниҟатә ҟазшьа змоу  апроблемақәа анаҩс рықәгара азы иалкаахоит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Леонид Ҟәыруа.

Уи иажәақәа рыла, Москва ақалақь имҩаԥысыз аиԥылара аҿы ибжьаҵаз аиқәшаҳаҭра ала, мшаԥымза алагамҭазы афымцадәыӷба «Ласточка» Шәачантәи Гагра астанциа аҟынӡа аԥышәатә дәықәҵара мҩаԥгахоит.

Раԥхьатәи аетап аҿы иныҟәалоит 5 вагонк змоу авагонеиԥшьыра. Ҳара ҳганахьала астанциа Гагра ала иӡбатәу азҵаарақәа ыҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Иахьатәи амш азы Аԥсныҟа иныҟәоит апассаџьыртә дәыӷбақәа «Москва – Аҟәа – Москва» (алшықәсанык), «Санкт-Петербург –Аҟәа – Санкт-Петербург», «Самара – Аҟәа – Самара»,  «Тҟәаԥс – Гагра – Тҟәаԥс».

«Астанциа «Гагра» аҟынӡа иназыцҵоу апассаџьыртә дәыӷбақәа рмаршрутқәа рыцҵара азҵаара аӡбара мҩаԥысуеит.  Иҟалар алшоит ҳазҭоу ашықәс азы апассаџьыртә дәыӷбақәа рмаршрут Адлер аҟынӡа акәымкәа Гагранӡа иацырҵаргьы», – ҳәа еиҭеиҳәеит Леонид Ҟәыруа.


Read 307 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.