АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Хәажәкыр.2023

ХӘАЖӘКЫРАМЗА 10 -17 РЗЫ ИААРԤШЫН ИАГЬРЫМХЫН АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРАЗЫ 22 АППАРАТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аппарат Хада аусзуҩцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа атерриотриалтә ҟәшеиҵақәа русзуҩцәеи изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аԥхьырҟәҟәааразы есыҽны ареидқәа мҩаԥыргоит.

Хәажәкыра 10 инаркны 17 – нӡа иаарԥшын 22 аппарат. 

Агәаҭарақәа раан Гагра араион аҿы иаарԥшхеит акриптовалиута арҳаразы 2 аппарат. Уи зтәу Пицунда ақалақь, Бзыԥтәи атупик ала игылоу аҩны аҿы инхо Коваль Игорь Владимир-иԥа иоуп. Аппаратқәа зегьы аамҭала аҵәахразы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша иатәу ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.

Гәдоуҭа араион аҿы ирыԥшааит иагьрымырхит Гәдоуҭа ақалақь, Габечиа имҩаду ала игылоу аҩны аҿы иқәыргылаз Герзмаа Ради Ленгәа-иԥа итәыз 9 аппаратк. Иара убас Ҟәланырхәа ақыҭан ирыԥшааит Бганба Геннади Аркади-иԥа итәыз  5 аппарат.

Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәеи рыцырхырааны, Очамчыра ақалақь, Шьынқәба имҩаду ала игылоу аҩны аҿы ирыԥшааит иагьрымырхит Вардаиа Ҭемыр Маманти-иԥа итәыз 3 аппаратк.

Гал араион аҿы ирыԥшааит 3 аппаратк. Урҭ Гал ақалақь Оқәымтәи амҩала игылоу аҩны аҿы ишьақәыргылан. Изтәу Гамисониа Ныгәзар Виктор-иԥа иоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны аус ауеит «еиԥырҟьам аимадара ацәаҳәа». Изакәанымкәа амаининг-фермақәа русура атәы здыруа зегьы «агәрагара аҭел» : +7 (940) 920-20-95 WhatsApp, Telegram Messenger; Instagram, Facebook ала адырра ҟарҵаларц азы аҳәара ҟаҵоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи аусзуҩцәеи атәылауаҩратә гәҽанызаареи аҭакԥхықәреи аарԥшны «агәрагара аҭел» ала адыррақәа ҟазҵаз Аԥсны араионқәа руааԥсыра зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәоит. Акриптовалиута амаининг азы изакәанымкәа аусура азы 67 рҟынӡа азашшрақәа рза ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп. жалобам на незаконную деятельность по майнингу криптовалют приняты меры.    


Read 212 times - Ашәахьа, 20 Хәажәкыр 2023 16:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.