АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Хәажәкыр.2023

ШЬАҬАНКЫЛАТӘИ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА АУСБАРҬА АХАДА АԤЫЗА-МИНИСТР ИҾАԤХЬА АРГЫЛАРА-ЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА РЗЫ АГӘҬАБЖЬАРАТӘИ АҲАСАБЫРБА ҞАИҴЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба ареспубликатә биуџьет ахатәы ԥаратә хархәагақәа рхарџь ала  зфинанстәра мҩаԥысуа арратәии асоциалтәии аинфраструктура аобиектқәа рҿы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа азы иҟаиҵаз агәҭабжьаратәи аҳасабырба  дазыӡырҩит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара Аусбарҭа анапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, сынтәа 2022 шықәса рзы инагӡаны имҩаԥгамыз аусурақәа зегьы хыркәшахоит, Пицунда ақалақь аҿы ахәыҷбаҳча аҿы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргыларагьы уахь иналаҵаны.

Очамчыра араион аҿы Лабра ақыҭан автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара хыркәшахеит, иара убас аҩбатәи ақыҭатәи ацҳа аиҭашьақәыргылара ахыркәшарахь инеиуеит, Ҷлоу ақыҭан акультура Аҩны ахыбра ақәҵара мҩаԥгоуп, Аӡҩыбжьа, Ԥақәашь, Кәтол ақыҭақәа рҿы афельдшер-кушертә пунктқәа рҿы аргылара-еиқәыршәаратә усурақәа мҩаԥысуеит.

Хара имгакәа Ԥақәашь ақыҭан автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара иалагоит.

Ахархәарахь ирыҭахеит Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ ақыҭан иҟоу ацҳа, ааигәа аргылаҩцәа  ари ақыҭаҿы иҟоу даҽа цҳакгьы аиҭашьақәыргылара иалагоит.

Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара Аусбарҭа анапхгаҩы иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Ҭҟәарчал ақалақь аҿы – В. Арӡынба, 13, Горки, 1 амҩақәа рыла игыло аҩнеихагылақәа рхыбрақәа реиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп.

Анардкыларатә еиҿкаарақәа Кәыдри Ԥсоуи аӡиасқәа рҿы аҟәарарӷәӷәаратә усурақәа рымҩаԥгареи иара убас аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭаны ирымоуп.

Егьырҭ хадара злоу аобиектқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – Аҟәатәи амемориалтә пантеон, уи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа маҷк ада ихыркәшоуп.

Аԥыза-министр  Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара Аусбарҭа анапхгаҩы иахь ихы рханы имҩаԥгахо аусурақәа рхаҭабзиареи урҭ рынагӡаразы иазыԥҵәоу аҽҳәарақәа рыҽҭагӡареи ҷыдала ахшыҩзышьҭа аҭара шахәҭоу азгәеиҭеит.

Иара убас, Алеқсандр Анқәаб  инаҵшьны ишазгәеиҭаз ала, акурорттә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, амҩаҿықәтә инфраструктура – аангыларҭақәа, асанитар-гигиенатә обиектқәа реиҭашьақәыргылара алагара хымԥадатәиуп.  

 

 


Read 149 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.