АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Хәажәкыр.2023

ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АБЖЬААԤНЫТӘИ АУСУРАМШҚӘА: АГУМАНИТАРТӘ ЦХЫРААРА, АБНАТӘ БЫЛРАҚӘА РЫԤХЬЫРҞӘҞӘААРА, АТУРИСТТӘ ААМҬАХӘҬА АҼАЗЫҞАҴАРА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Аманда Касланӡиа. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахада Лев Кәыҵниа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз агуманитартә цхыраара рыҭара, абнарақәа рҿы абылрақәа рыԥхьырҟәҟәара азы имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа, иара убас атуристтә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит.

Агуманитартә цхыраара азы.

Агуманитартә цхыраара аизгара маҷк ада ихыркәшоуп. Алогистика иадҳәалоу азҵаарақәа макьаназы иаартны иаанхоит. Иара убри аамҭазы аҭырқәа ган агуманитартә еидара аиқәыршәара аганахьала аҭаххарақәак алкааны иҟоуп.  Аиҳарак аҭаххарақәа зыдҳәалоу ашылалыхқәа, ашьақар реиԥш иҟоу, лассы иԥхасҭамхо афатә аалыҵқәа, амшьамбақәа, агенраторқәа, аԥатылкақәа ирҭоу аӡрыжәтә. Аҳәынҭқарра иазоунажьит аԥаратә хархәагақәа, уажәы афатәаалыҵқәа раахәара мҩаԥысуеит, аидараӷбақәа рыла Ҭырқәтәылаҟа идәықәҵахо аконтеинерқәа рырҭәра иаҿуп.  Шьамтәыла акәзар, уи иадҳәалоу аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩуп. Азҵаара аҵыхәтәанӡа иӡбамкәа иаанханы иҟоуп.

Абнарақәа рҿы абылрақәа рыԥхьырҟәҟәаара иадҳәаланы имҩаԥгахо аусмҩаԥгатәқәа рзы. Абнарақәа рҿы абылрақәа рыҟалара азҵаара акыр иуадаҩуп. Аԥсабара аҿы амцакра амзысқәа аиҳарак ауаҩы идҳәалоуп. Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа ауааԥсыра рынхарҭақәа иахьаҵанакуа агәылҩа аҟынтәи ианыдрыцқьо урҭ амца раркра иаҵоу ашәарҭара азы ргәаҳҽанаҳҵоит. Аха иҟаҳҵо аҳәарақәа аиҳарак агәхьаа ркӡом. Убри иахҟьаны, ахәҭакахьала зынаӡара уадаҩу, иҷыдоу атехника анагара ахьзалмыршахо ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҿы амцакрақәа ҟалоит. Уи даара иуадаҩу ахҟьаԥҟьа ацзар ҟалоит, избан акәзар амца акыр зыхәдуу аҵиаақәа ахьазҳауа абнарахь ииасыр ҟалоит.  Амцарцәаҩцәа аиҳарак напышьашәала амца арцәара рықәшәоит.  Ҳкықәкы хаданы иҟоу – амца ауаа реиланхарҭатә ҭыԥқәа рахь аамышьҭра ауп. Убри азы ҳара уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа амцарцәаратә гәыԥқәа рԥыԥшра еиҿкааны иҳамоуп. Ҳара изныкымкәа ауааԥсыра рынхарҭақәа иахьаҵанакуа агәылҩа аҟынтәи ианыдрыцқьо урҭ амца раркреи анҩс хылаԥшрада ааныжьреи рзы ахараԥса ӷәӷәа рықәҵара азы аԥшьгарақәа ҟаҳҵахьеит, аха ари азҵаара иахьа уажәраанӡа иӡбамкәа иаанханы иҟоуп.  

Аусзуҩцәеи атехникеи разымхара азы

Акадртә зҵаарақәеи иҷыдоу атехника ала аиқәыршәара азҵаареи лассы–лассы ицәырҵуеит, аха Ахылаԥшырҭа иамоу алшарақәа инарықәыршәаны иӡбахоит. Атехника ықәсуеит, иажәуеит, уи аԥсахга хәҭақәа рыхәԥса акыр иазҳаит. Ҳара иаҳҭахуп, иаагозар, ашьха-еиқәырхаратә усурақәа рзы иҷыдоу аиқәыршәагақәа, иара убас иҿыцу аӡысыгатә хархәагақәа. Аминистрра  иазоужьу абиуџьет аҳәаақәа ирҭагӡаны аус ауеит, аха ӷәӷәала иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан уи аҳәаақәа рҭыҵра хымԥадатәны иҟалоит. Акадрқәа инарымадангьы ауадаҩрақәак ыҟоуп. Аиҳарак иахьазы иуадаҩны иҟоу иҷыдоу атехника арныҟәцаҩцәа разымхара азҵаара, ахәҭакахьала, Гагра араион аҿы. Уаанӡа ҳара ҳахь аусуразы иадҵаалоз рацәаҩын. Уажәы аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Убри аан аиқәырхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи ироуа ауалафахәы ҳаракӡам.

Атуристтә аамҭахәҭа азы.

Атуристтә аамҭахәҭа ҳара есымша даара ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит. Ҳара ҳтәылауаа реиԥш, атуристцәагьы ршәарҭадара еиқәҳаршәоит.  Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа аплиажқәа, асанаториақәа, апансионатқәа, асасааирҭатә ҩнқәа гәарҭоит.  Ашьхатә туризм, атуристә гәыԥқәа рыиасра амаршрутқәа, урҭ ршәарҭадара аиқәыршәара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа акыр актуалра рыҵоуп. Лассы-лассы ауадаҩрақәа цәырҵуеит ҽазыҟаҵарада еиҿкаахо, узықәгәӷуа аимадаратә хархәагақәа рыда, цқьа еилкаам ашьхатә маршрутқәа рыла идәықәло атуристтә гәыԥқәа ирыдҳәаланы. Араҟа ҳара аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи атуризм аминистрреи ҳаҽрымаданы аус аауеит. Жәаҳәарада, атуристцәа рхыԥхьаӡара еиҳахароуп, аха аԥсшьаҩцәа заҟа ирацәахо аҟара ҳусзуҩцәагьы ирықәыӷәӷәогьы рацәахоит. Ҳара уи еилаҳкаауеит, иҳаду аҭакԥхықәрагьы анагӡара ҳазхиоуп.

Анапхгарабжьаратәи аимадарақәа рзы.

Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа урыстәылатәи ҳколлегацәа ҳаҽрымаҳдоит. Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра анаҩс Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистррагьы, ахәҭакахьала акатастрофақәа рмедицина аструктурақәеи   ҳареи  аусеицура ҳыбжьоуп. Аусеицуразы Амеморандум анапаҵыҩра азԥхьагәаҭоуп, аха уи азы инҭкааны аҽҳәарақәа алкааны иҟам.

Астудентцәа рзы

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра аганахьала Аԥснынтәи 40-ҩык акурсантцәа Урыстәылатәи Афедерациа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра апрофилтә ҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵоит. Рҵара анхдыркәшалак ашьҭахь урҭ рыԥсадгьыл ахь ихынҳәуеит, Аминистрра аппарат хада аҟны еиԥш араионтә ҟәшеиҵақәа рҿы амаҵзура иахыслоит. Урыстәылатәи агани аԥсуа гани ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыла, ҳтәылауаа рҵара ахықәкытә дкыларала имҩаԥысуеит. Ҳара есымша ҳкурсантцәа ҳаҽрымаҳдоит, апрофилтә ҵараиурҭақәа ҳарҭаауеит, рынхашьа еилаҳкаауеит. Убри аан ицәырҵуа азҵаарақәа зегьы ишьақәыргылоу анормативқәеи аԥҟарақәеи инарықәыршәаны иӡбахоит.

 


Read 150 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.