АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫТӘИ АВТОБЗИАБАҨЦӘА УАЖӘШЬҬАРНАХЫС РХАТӘЫ МОБИЛТӘ ЦҴА РЫМАЗААУЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәатәи автошкол «Старт» амшира аламҭалазы ҿыц амашьына арныҟәцара иалаго рзы еиԥш амҩатә ԥҟарақәа згәалазыршәарц зҭаху зегьы рзы амобилтә цҵа аартра алнаршеит.

Уажәшьҭа, амобилтә цҵа аҭгарала, амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа рдырра аҩаӡара агәаҭара, Аҳәынҭинспекциа  аҿы аԥышәарақәа рҽазыҟаҵара, уимоу, автошкол аҿы аҽазыҟаҵарақәа рахысра азы аҽҭаҩрагьы ҟалоит.  

«Автошколқәа жәпакы рзы ахатәы мобилтә цҵа аԥҵара акыр ахарџь зцу усмҩаԥгатәуп. Урыстәылатәи Афедерациа амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа рзы ацҵақәа аиԥшымзаарақәа рымоуп, ҳара зегьы амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара ҳахьадгыло инамаданы, дарбанызаалак ауаҩы уи азы иахәҭоу адыррақәа иоуртә аҟаҵара ииашахоит ҳәа агәра ганы ҳаҟоуп» - ҳәа ари аӡбамҭа далацәажәо иазгәеиҭеит автошкол «Старт» анапхгаҩы Ҭемыр Кецба. арипрокомментировал  это решение руководитель автошколы «Старт»  Темур Кецба. 


Read 215 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.