АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Хәажәкыр.2023

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АФЫМЦАЕИМДАРАЗЫ ЗВОЛЬТҲАРАКУ АЦӘАҲӘА «АҼГӘАРА» АҞНЫ ИМҨАԤЫСУА АУСУРАҚӘА АХӘШЬАРА РИҬЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкыра 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа афымцаеимдаразы звольтҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара» аҟны аусурақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ даҭааит. Ашәахьаҽны, хәажәкырамза 13 рзы имҩаԥысыз аинспекциатә ныҟәараан аҳәынҭқарра Ахада дицын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

Очамчыра араион Ачгуара ақыҭаҟны Ахада звольтҳараку афымцаеимдара ацәаҳәақәа рҵаргәа ҿыцқәа реибыҭара аҭыԥ даҭааит. Иаку арегионтә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анџьныр хада ин. назыгӡо Руслан Кәарҷиа аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусурақәа рылҵшәақәа рзы. 2023 шықәса ажьырныҳәамза 23 рзы иҟоу аҭагылазаашьала афымцеимдара ацәаҳәа ҿыцқәа реибыҭаразы аусурақәа хыркәшоуп.

Звольтҳараку ацәаҳәа «Аҽгәара» аҟны имҩаԥгоу арҿыцратә усурақәа рышьҭахь 5 сааҭк рзы иреиҵаӡоу амчхареидара аҭаны агәаҭаратә аужьра мҩаԥган. Урыстәылатәи Афедерациаҟнытә афымцамч аагара анхыркәшахалак анаҩс изықәнагоу амчхареидара  аҭаны аужьра ҟалоит, уи ашьҭахь ахархәарахьгьы иаужьны.

Ҳазҭагылоу аамҭазы имҩаԥысуеит адыд еихашаха ҿыц аибыҭара, убри аан аибыҭаразы аусура иадхалоит 30 мшы (амш аныбзиоу). Иаҭаху аматериал зегьы еиқәыршәаны иҟоуп. Адыд еихашаха ҿыц аибыҭара мҩаԥысуеит ажәытәтәи адыдцәыхьчага аҭыԥқәа рыԥсахрала, ари адыдцәыхьчага система зегьы аибыҭара хыркәшахаанӡа афымцаеимдара ацәаҳәа ахархәара алнаршоит.

 

 

 


Read 169 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.