АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Хәажәкыр.2023

«АԤҲӘЫСИ АҞАЗАРЕИ. АҬОУРЫХИ ИАХЬАТӘИ ААМҬЕИ»: АЦӘЫРГАҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҞНЫ ИААТУЕИТ АЦӘЫРГАҚӘҴА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. /Алексеи Шамба/. Хәажәкырамза 7, асааҭ 17:00 рзы ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны иаатит Аԥсны аҳәса-асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа «Аԥҳәыси аҟазареи. Аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи». Ацәыргақәҵа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш - Хәажәкыра  8 иазкхоит.

Хыԥхьаӡара рацәала ахәаԥшцәа иблахкыгоу адунеи рагәылахалара алагеит ацәыргақәҵатә зал Хада иҩналаанӡагьы. Ааԥынтәи амра ашәахәақәа, аԥхарра зҵоу амш, ауаа ргәалаҟазаара бзиеи асахьаҭыхыҩцәа иааубаратәы иҟаз ргәы ахыҭхыҭра аныҳәа гәырӷьахә азыԥшра аԥнаҵон.

Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа лажәақәа рыла, раԥхьатәи ааԥынтәи ацәыргақәҵа иҷыдоу аҟазшьа аҵоуп, избан акәзар уи ахәаԥшцәа 45 инарзынаԥшуа аҳәса-асахьаҭыхыҩцәа ХХ-тәи ашәышықәса инаркны иахьатәи ҳамшқәа рҟынӡа иаԥырҵахьаз аҭыхымҭақәа рбара азы алшара рынаҭоит.

Ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахоит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иаԥҵаз аҿыханҵақәа, аграфика, адекоратив-напкымҭатә ҟазара, уҳәа аекспозициақәа маҷымкәа.

Ацәыргақәҵаҿы аҭааҩцәа ахәаԥшразы ирыдгалахоит Марина Ешба, Варвара Бубнова, Ольга Брендель, Валентина Хәырхәмал, Зоиа Аџьынџьал, Венера Гагәылиа, Лиудмила Будиак, Мактина Ҵәыџьба,  Диана Хьынҭәба, Аԥшьи Ҳагба,  Асҭанда Адлеиба, Мариа Ԥлиа, уҳәа убас егьырҭгьы русумҭақәа. 

 

 


Read 250 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.