Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада атәыла Аиҳабыреи Апарламенти рнапхгара алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аилацәажәараҟны ирзааҭгылеит аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра инамаданы азҵаара, Аԥсны афымцамчхархәара, аинфраструктуратә кредит, «Аҽгәара» ацәаҳәа аусура аларгара, иара убас «апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус аҳәаақәҵаразы» азакәанапроект уҳәа ирызку азҵаарақәа жәпакы.
Аиԥылараан Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган урыстәылатәи аилахәырақәа Аԥсны ринвестициатә усуразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аҳаиртә баӷәаза иазку аинвестициатә проект азы аиқәшаҳаҭра ирыдҳәалоу азҵаарақәа рзы аҳасабырба ҟалҵеит.
Аминистр иара убас далацәажәеит арҭ аиқәшаҳаҭрақәа разыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы, иаҵшьынгьы илҳәеит В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аҳаиртә баӷәаза иазку аинвестициатә проект азы аиқәшаҳаҭра азырхиара аус Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра аҵыхәтәантәи рақәыршаҳаҭрахь ишнеиз. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра иахатәны иаанхоит аҳаиртә баӷәаза аинфраструктура аобиектқәа.
Аиԥылараҟны иазааҭгеит иара убас хархәара змоу афымцамч агәаҭага мыругақәа раахәаразы аинфраструктуратә кредит азҵаара хәҭа-хәҭала. Ари азҵаараҟны урыстәылатәи аганахьала ихадароу азҵаарақәа рзы аилибакаара ыҟоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиҳабыра алахәцәа дрызҵааит «Аҽгәара» ацәаҳәақәа рыҟны имҩаԥысуа аусура атәы. Аекономика аминистр лажәақәа рыла, ҳазҭагылоу аамҭазы ацәаҳәақәа рҿыцуп, адыдхьчага аихашаха амонтаж ада ԥышәара ҳасабла аужьра ҟалоит. Адыдхьчага аихашаха ашьақәыргылара, ԥаса ишазгәаҭаз еиԥш, звольт ҳараку ацәаҳәа ахархәара аан амҩаԥгара алшоит.
Аусурақәа рымҽхак аиҳарак шымҩаԥгоугьы, ҳазҭагылоу аамҭазы ари ацәаҳәа аԥышәара амҩаԥгара залшаӡом. Ацәаҳәа иақәнагоу аидара шьҭнахразы алшара ҟалоит УА аҟнытә афымцамч аагара анхыркәшахалк анаҩс.
Аилацәажәараҟны иазааҭгылан «Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус аҳәаақәҵаразы» азакәанапроект. Азакәанапроект иацу адокумент азырхиоуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь анагаразы.