АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Хәажәкыр.2023

ГӘДОУҬА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИНХО АХАҴА ИДЫРБАЛЕИТ ИАГЬИМЫРХИТ АНАРКОЛИКАТӘИИ АРҨЫШЬЫГАТӘИ АМАҬӘАШЬАРҚӘА.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәдоуҭа ақалақь инхо, 1977 шықәса рзы ииз Еныкь Алеқсеи Зураб-иԥа изакәанымкәа иаахәаны Аԥсныҟа иалеигалеит анаркотикатә маҭәашьар «метадон», иара убас  38 грамм  рҟынӡа арҩышьыгатә маҭәашьар «Прегабалин», ҳәа ианацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Аоперативтә информациа ала аусмҩаԥгатә мҩаԥыргеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәеи Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿагылара азы аҟәша аусзуҩцәеи.

Еныкь Алеқсеи Зураб-иԥа игәаҭара аан амилициа аусзуҩцәа хыхьтәи ишәҵатәы арыӷьарахьтәи аџьыба аҿы анаркотикатә маҭәашьар  идырбалеит. Иарбоу амаҭәашьар ахьӡи акапани рзы анаҩс алкаа ҟанаҵеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аексперттә криминалтә Центр. 

Алеқсеи Еныкь иганахьала Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  223, ахәҭа 2, ахәҭаҷ 224, ахәҭа 2, /1 инарықәыршәаны аусеилыргара хацнаркит.

Алеқсеи Еныкь Гагра араион аӡбарҭа аӡбамҭа ала дбаандаҩыртәит. Аусеилыргара иацҵахоит.


Read 180 times - Аҩаша, 07 Хәажәкыр 2023 09:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.