Аԥсни Белоруссиеи рыбжьара аусеицура абжьаҵара аганахьала, Аҳәынҭқарра Ахада иахьатәи ааиԥылара акыр аҵанакуеит, ҳәа иазгәеиҭеит. «Ҳаизыҟазаашьақәа аҿиара роуроуп. Аԥсуа жәлар белорусиа ажәлар ҳаҭыр рықәырҵоит. Белоруссиа акәзар, уи атәы аҳәара аҭахым. Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа рфундамент злашьақәҳаргылаша ҳамоуп. Аԥсны иҟоуп атауарқәа ҳара ҳзы аинтерес зҵоу. Убасҵәҟьа Аԥсны азы ихәарҭоу Белорусиатәи атауарқәагьы ыҟоуп. Уимоу, иаҳхамышҭып даара хадара злоу атуристтә хырхарҭа атәгьы. Аиҳарак уи актуалра аиуеит ҳара ҳганахьала еиуеиԥшым асанкциақәа аларгало ианалага аамҭазы. Ҳара ҳауаажәлар амшын аҿықәан рыԥсы ршьар рҭахуп. Сара хаҭала шәымшын аԥшаҳәа саҭааны игәасҭеит. Ҳара есымша уаанӡагьы уахь ԥсшьара ҳәа ҳцалон. Аҟәа, Баҭым, Қарҭ, уҳәа, акырынтә иаабахьо, шьахәла иаадыруа қалақьқьоуп. Ҳара ҳауаажәлар иара иахьагьи арҭ ақалақьқәа ирҭаауеит. Аха иахьа Аԥсны иарбоу аҭыԥқәа ирҟәыҭханы иҟалеит, умҳәозар. Уи аҭаара рҭахымкәа акәым, иаҟәыҭхоу ҭыԥны иҟалеит, - ҳәа иҳәеит Белоруссиа Апрезидент.
«Аиҭанеиааира зҳабжьамлари? Сара абри азҵаара сазхәыцуеит, исзеилкаауам убри ашьаҭала изаҭахи аҭагылазаашьа аибарххара. Аизыҟазаашьақәа рырҿиара ауп иаҭаху иахьа. Ҳара атәылақәа, ажәларқәа ҳшартә еиԥш идуӡӡоу ҳәынҭқаррақәаны ҳаҟаӡам. Иахьа ҳазҭагылоу аамҭа хьанҭа азы ҳаидгылароуп. Қарҭ аума, Аҟәа аума, Минск аума. Ҳара ҳаизааигәахалароуп. Сара иахьа Аԥсны саныҟаз исышәҭаз ажәа нагӡаны арахь шәаара убри аганахьала ақәҿиарақәа ҟалоит ҳәа агәаанагара сызцәырнагоит. Иҭабуп, аҩыза ҳәа шәасҳәаргьы сҭахуп , - ҳәа иҳәеит Белоруссиа Ахада.
Ахәҭакахьала, Аслан Бжьаниа белорусиатәи аҳәынҭқарра ахада ииҭаз ааԥхьара азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит. «Шәара ижәдыруама, шәара иахьс ишәҳәо акырџьара ираҳауеит, Қырҭтәылагьы уахь иналаҵаны, сара сгәаангарала иҟәышу шәажәақәа арҭ ауаа ргәаҵанӡа инаӡароуп», - ҳәа иҳәеит иара.