АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жәабран.2023

АФЕДЕРАЦИА АХЕИЛАК АҾЫ АҲАЗЫЛХРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РУСЗУҨЦӘА РЏЬАШЫҚӘС АҨГАНКТӘИ АЗХАҴАРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИЕИ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ИРЫБЖЬАРҴАЗ АИҚӘШАҲАҬРА АРАТИФИКАЦИА АЗЫРУИТ.

Аҟәа. Жабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Афедерациа Ахеилак аҿы аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара азы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура ТАСС.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥган Аҟәа ақалақь аҿы жәабранмза 18, 2021 шықәса рзы,  Москва ақалақь аҿы - мшаԥымза  5, 2021 шықәса рзы.  

Аусшәҟәы иацу аматериалқәа рҿы ишазгәаҭоу ала, иарбоу Аиқәшаҳаҭра ала Аԥсни Урыстәылеи аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь ирызшәахо есымзатәи азԥҵәа ахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара алыршахоит.

Уажәазы, азакәан апроект аусдулаҩцәа ишазгәарҭо ала, Урыстәылатәи Афедерациа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа рџьашықәс ҳасаб арабара азԥхьагәаҭаӡам.

Аиқәшаҳаҭра Урыстәыла аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы аус зуа, иара убас Аԥсны аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы аџьашықәс змоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ринтересқәа рыхьчара иазкуп, ҳәа иазгәаҭоуп аусшәҟәы аҟны.  

Урыстәыла аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа рхархәара алыршахоит Урыстәыла атәылауаҩра уахь иналаҵаны, егьырҭ иазԥхьагәаҭоу аԥҟарақәа рынагӡарала.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит абҵарамза 3, 2021 шықәсазы.  


Read 206 times - Амҽыша, 19 Жәабран 2023 15:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.