Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа ала, Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа даҽа усурак ахь ииагара инамаданы имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Гәылрыԥшь араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵоуп Саид Ҳаразиа.
Ҳаразиа Саид Геннади-иԥа диит ажьырныҳәамза 31, 1974 ш. Аҟәа ақалақь аҿы.
1991ш. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол № 10 далгеит.
1997ш. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аекономикатә факультет «Аҳасабырбареи аудити» азанааҭҵара ала далгеит.
1992-1993шш. – Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын.
2001- 2008 шш. Кәыдрытәи аҩхаа ахақәиҭтәра активла далахәын.
2003 – 2007шш. – Москва ақалақь, Аиашахаҵаратә Аԥшьа-Тихонтәи агуманитартә Унверситет аҿы аҵара иҵон. Атеологиа абакалавр аҩаӡара ихҵоуп.
1993 - 1996 шш. – Гәылрыԥшь араион аҿы еиуеиԥшым амаҵураҭыԥқәа ааникылон.
1996 - 1999 шш. – Драндатәи ачаифабрика адиректорс аус иуан.
2000 - 2005 шш. – агрофирма «Кавказ» адиректор ихаҭыԥуаҩыс аус иуан.
2005 - 2012 шш. – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара иатәу ақыҭанхамҩатә наплакы «София» адиректорс аус иуан.
2016 ш. ААУ агро-нџьныртә факультет далгеит.
2012 – 2022 шш. – Жәлар Реизара-Апарламент V -VI ааԥхьара адепутатс дыҟан.
Дҭаацәароуп, хә-ҩык ахәыҷқәа драбуп.