АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жәабран.2023

АИДАРАМҨАНГАГАТӘ ТРАНСПОРТ АЛА АҲӘАА АХЫСРА ААМҬА АРКААРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АЗАКӘАН РЫДЫРКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа  Аҳәынҭқарратә Дума аҿы аидарамҩангагатә транспорт ала аҳәаа ахысра аамҭа аркаара азы азакәан рыдыркылеит.  

Атәыла Анапхгара зхысра азы аамҭеи арыцхәи аркаара ахәҭоу аҳәаа ахысра апунктқәа рсиа шьақәнарӷәӷәоит,  ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә Дума аофициалтә саит.

Ҿыц иалагалоу аԥҟарақәа аидарамҩангагатә машьынақәа роуп изызку, урҭ «аҳәаа аҿы аиасра апунктқәа рҿы агәараанқәа рышьақәгылара аԥхьырҟәҟәаара» алдыршоит.

Азакәан иарбоуп аужьҭратә пунктқәа рааигәара иҟоу амҩақәа рганахьала азеиԥш ԥҟарақәа, уаҟа амашьынақәа раангыларҭақәа, адәқьанқәа, аԥсшьаразы аҭыԥқәеи азеиԥш крыфарҭақәеи шьақәыргылазароуп.   

Уаанӡа азакәан автор Евгени Москвичиов  асистема апроблема зцу аужьҭратә пунктқәа рҿы мацара аус аулоит ҳәа иазгәеиҭеит.


Read 234 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.