АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жәабран.2023

АԤСНЫ АМЫФҬЫ ҬЫРҚӘТӘЫЛА АХАДЕИ АЖӘЛАРИ ДРЫДЫШШЫЛЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа амыфҭы Ҭемыр Ӡыба Ҭырқәтәыла адин аусқәа рзы Аусбарҭа ала Аҳәынҭқарра Ахада Реџьеԥ Ҭаиип Ердогани аҭырқәа жәлари рыхьӡала зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз адгьылҵысрақәа рганахьала адышшыларатә шәҟәы ишьҭит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Адышшыларатә шәҟәы атекст аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа анапхгареи ареспублика иқәынхо аԥсылманцәеи зегьы рыхьыӡала Ҭырқәтәыла Ахада Реџьеп Ҭаиип Ердоган, Ҭырқәтәыла адин аусқәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы, адоктор Али Ербаши аҭырқәа жәлар зегьи ари иуадаҩу аамҭа азы, иҟалаз адгьылҵысра ду иахҟьаны хыԥхьаӡара рацәала ауаа рҭахара инамаданы ироуз ахьаа шрыцеиҩаҳшо азгәасҭарц сҭахуп.

Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи гәык-ԥсыкала срыдышшылоит. Ҳара зегьы Зегь Зымчу Аллаҳ инапы ҳануп, аҵыхәтәаны иара иахь ауп ҳахьыхынҳәуа..

Аллаҳ сиҳәоит ажәлар ачҳареи агәыӷәӷәареи риҭарц, иҭахаз аԥсылманцәа зегьы ашьаҳиҭра раҭәеишьарц.

Иарбан уадаҩразаалакгьы иашьҭанеиуеит аԥсеивгара! Ҭырқәтәыла ажәлар ари иуадаҩу аҭагылазаашьа алҵра аҿы Аллаҳ илԥхеи игәаԥхеи рыцзааит.

Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа аҿы иара убас ахәаша, аколлективтә матанеира (аџьума) ашьҭахь Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз ацхыраара рыҭара азы афонд ахь идәықәҵахо аԥаратә хархәагақәа реизгара азы алаҳәара ҟаҵахоит ҳәа  адырра ҟарҵеит.


Read 234 times - Аԥшьаша, 09 Жәабран 2023 16:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.