АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жәабран.2023

АПАРТИА «АМЦАХАРА» АИЗАРА ДУ АМҨАԤГАРА АЗԤХЬАГӘАҬОУП.

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Атәыла аҿы ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатәи асоциал-економикатәи аҭагылазаашьеи араионтә конференциақәеи апартиа Аизара Дууи рымҩаԥгареи  иазкын апартиа «Амцахара» апрезидиум аилатәара.

Апрезидиум аусура ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа.

Апартиа аҿы изаамҭанытәиу аҭагылазаашьеи араионтә конференциақәеи апартиа Аизара Дууи рымҩагара аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьеи рзы аинформациа ҟаҵо дықәгылеит апартиа «Амцахара» ахантәаҩы Алексеи Цыгәба.

Апартиа апрезидиум аилатәара аҿы иқәгылаз  аенергетика, амҩа-транспортә амашәыр хҭысқәа, 1992-93шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи рсоциалтә ҭагылазаашьеи анхарҭаҭыԥ ала аиқәыршәара апроблемеи ирыдҳәалаз атемақәа ирылацәажәон. Иазааҭгылеит иара убас аоппозициа имҩаԥнаго апропаганда атемагьы.

Аиҳарак аибашьра аветеранцәа рыла  ишьақәгылоу апрезидиум алахәылацәа изеиԥшразаалак аофициалтә информациа аоппозициа ала анегативтә цәаҩа аҭаны аларҵәара аиуеит ҳәа иазгәарҭон.  

Апартиа «Амцахара» амҩақәа рҿы ашәарҭадара аҩаӡара ашьҭыхра азы иконкрету ажәалагалақәа еиқәнаршәеит.

Уи иара убас еиқәнаршәеит «1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа аибашьратә хҭысқәа рымҩаԥысреи рзы» азакәан апроект азы азгәаҭарақәеи ажәалагалақәеи.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа апариа алахәылацәа рызҵаарақәа жәпакы аҭак ҟаиҵеит, ажәагьы риҭеит урҭ раԥшьгарақәеи ражәалагалақәеи ахшыҩзышьҭра шаиҭо азы. Уи иара убас аполитикцәеи аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи рганахьала  акритика аҟаҵара, ицәахыхго аҟазшьа змоугьы уахь иналаҵаны, ҳәаак амазар шахәҭоу азгәеиҭеит.

Апрезидиум аӡбамҭа ала апартиа арегионалтә ҟәшақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵареи апартиа «Амцахара» Аизара Ду ахь аделегатцәа рықәыргылареи рзы арегионалтә конференциақәа рымҩаԥгаразы аҽҳәарақәа шьақәырӷәӷәахеит.


Read 227 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.