Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Ҳара Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи инхо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зықәшәаз атрагедиа баны аганахь ҳазгылом, иҳалшо ала ацхыраара ҳазхиоуп», - ҳәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәо иҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Сергеи Шамба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аԥсуа ган Ҭырқәтәыла аофициалтә мчрақәа рахь Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра аиқәырхаҩцәа ацхырааразы рынашьҭра азы ажәалагала ҟанаҵеит.
«Ҳара агуманитартә цхыраара еиԥш даҽакалагьы ацхырааразы ҳаиқәырхаҩцәа рынашьҭра азы алшара ҳамоуп», – ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ.
Сергеи Шамба иара убас ааха зауз ҳџьынџьуаа Аԥсны рыдкылара ишазхиоу азгәеиҭеит.
«Шьамтәыла аибашьра анцоз аамҭазы Аԥсны ирыдыркылеит хылҵышьҭрла Кавказ иатәу ҳџьынџьуаа рацәаҩны. Урҭ иахьагьы ҳреспублика аҿы инхоит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Сергеи Шамба.