«Сара атәыла анапхгара анапынҵақәа насыгӡоит, сара анапхгара алахәыласгьы сыҟаӡам. Смаҵуратә зинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны урҭ рынагӡара ԥхықәраны исыдуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы еизаз иарбоу аобиектқәа ааигәатәи рҭагылазаашьа атәы ргәалаиршәеит.
«2010 шықәсазы Урыстәыла атәылахьчара ԥыхьатәи аминистр Анатоли Сердиуков атәылахьчара Аминистрра иарбоу асанаториақәа ҩба мап шацәнакуа азы ашәҟәы иҩит. Ҳара ҳзы уи феида аламызт, аха ҳаҽҳарнаалар акәхеит. Анатоли Сердиуков иарбоу асанаториақәа рфинанстәра аанкылара азы адҵа ҭижьит. Аминистрра ахаҭарнакцәа ааны иахәҭаны иҟаз ашәатәқәа ҟаҵаны ицеит. Аминистрцәа Реилазаара ҳхатәы мчқәа рыла иарбоу аобиектқәа рыхьчара алыршара азы адҵа ҟанаҵеит. Ҳара есымза арҭ асанаториақәа рҵакыра ахьчаразы ахәԥса ҳшәон. Ԥыҭрак ашьҭахь Рауль Ҳаџьымба 2015 шықәсазы Сергеи Шоигу атәылахьчра аминистр иҟазаара аамҭазы аиқәшаҳаҭра аиҭарҿыцра иҽазишәеит, иашьашәалоу ашәҟәеимдарагьы ыҟан, аха иарбоу аус лҵшәадахеит. 2014 шықәса ашьҭахь ҳтәылауаа аӡәырҩы асанаториа иаҵанакуа ауадақәа, ахыбрақәа ааныркыло иалагеит, шықәсык-ҩы-шықәса ҳәа қьырала аанкылара азы ашәҟәқәа еиқәдыршәон. Аҭагылазаашьа аҵыхәтәаны еилкаамкәа иаанхон. Убри аамҭазы арҭ асанаториақәа иажәуан, уи иахәҭоу ахылаԥшра аиуӡомызт. Урҭ гәыгәҭажьхон. Ҩаԥхьа Аԥсни Урыстәылеи ртәылахьчара аминистрцәа рыбжьара иарбоу асанаториақәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш азы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуа иалагеит. Аҵыхәтәантәи аԥкаанҵа аҿы урыстәылатәи аган иарбоу аобиектқәа ргара шаҭахым, уха убри аан аимадара ҭыԥхада азааныжьра азы аҳәара шыҟанаҵо шьақәнарӷәӷәеит. Абри зегьы ашьҭахь, аинвестр – ифеидаз авариантқәа ҳадызгалаз Аԥсны атәылауаҩ данцәырҵ, атәыла анапхгара кыраамҭатәи ақьыра аҳасабала иарбоу аобиектқәа рыҭаразы аӡбара аднакылеит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Беслан Кәыбраа.
Асанаториақәа «МВО», «ПВО» ркомплекс ақьыратә хәыԥса шықәсык ахь 3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Хы-шықәса рышьҭахь ақьыратә хәыԥса аиҭахәаԥшра мҩаԥгахароуп.
Аминистрцәа Реилазаара ақәҵара инақәыршәаны, ԥыхьатәи асанаториа «Аҟәа» (МВО) амазаратә комплекс ахәҭа хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Багаԥш Адамыр Раули-иԥа қьырала иҭоуп. Қьырала агаразы Аиқәшаҳаҭра 49 шықәса аҽҳәара аманы ибжьаҵоуп. Есышықәсатәи ақьыраԥса шьақәыргылоуп. Уи 500 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ақьыраԥса аиҭахәаԥшра хы-шықәса рахь знык еиҵамкуа имҩаԥыслоит. Иара убас Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Альта» қьырала иаҭоуп асанаториа «Аҟәа» (МВО) амазаратә комплекс ахәҭа. Қьырала агаразы Аиқәшаҳаҭра 49 шықәса аҽҳәара аманы ибжьаҵоуп. Есышықәсатәи ақьыраԥса шьақәыргылоуп. Уи 3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.