АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жәабран.2023

АԤСНЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНСТРРА ИЗАКӘАНЫМКӘА АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРА АҾАГЫЛАРА ИАЗКУ АУСУРА АРӶӘӶӘЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахылаԥшырҭа аппарат Хада, ақалақьтә усбарҭақәеи араионтә ҟәшақәеи русзуҩцәа есыҽны акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәеи урҭ рымчхара арӷәӷәара азы атрансформатқәеи изакәанымкәа афымцацәаҳәақәа раҿакра аԥхьырҟәҟәаареи уаанӡа иаҿыхыз амаининг-фермақәа рхылаԥшреи иазкны ареидқәа мҩаԥыргоит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, амилициа аусзуҩцәа иарбоу аппаратқәа Аԥсныҟа раагара аԥхьырҟәҟәаара хықәкыс иҟаҵаны,  акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рсервистә маҵзуреи раагареи иазкны, асоциалтә каҭақәеи рыла  алаҳәарақәа рыҟаҵарала уахь иналаҵаны, аус зуа аиҿкаарақәа зегьы ргәаҭара мҩаԥыргоит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра «еиԥырҟьам аимадаратә цәаҳәа» шыҟоу ауааԥсыра иргәаланаршәоит.

Амаининг-обиектқәа изакәанымкәа русура атәы здыруа зегьы агәрагара аҭел ала: +7 (940) 920-20-95 WhatsApp, Telegram Messenger; Instagram, Facebook уи азы адырра ҟарҵар алшоит. 

 

 


Read 218 times - Ашәахьа, 06 Жәабран 2023 22:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.