АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жәабран.2023

АПРОКУРОР ХАДА АДГӘЫР АГРБА АТЕРРИТОРИАЛТӘИИ АҶЫДАЛКААТӘИ АПРОКУРОРЦӘА АЛАРХӘНЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба атерриториалтәии аҷыдалкаатәи апрокурорцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

2022 шықәса аҩбатәи ашықәсбжа азы аусура аплан инақәыршәаны, апрокуратура Хада атәылауаҩра-ӡбаратә усбарҭа «Аԥсны атәылауаа разыҳәамҭақәа рыхәаԥшра аԥҟарақәа рзы» азакәани Аџьатә закәанеидкылеи «Анагӡаратә усеиҿкаареи» рзы азакәани рынагӡара аганахьала ареспублика апрокуратура аусбарҭақәа 2020 шықәса актәи ашықәсбжа азы русура агәаҭара мҩаԥнагеит.

Аилатәара аҿы апрокуратура аусбарҭақәа инарыгӡаз, аплан ала иазԥхьагәаҭаз  аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа,  иара убас еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи рмаҵурауаа рыла аҭыԥаҿы хыхь иарбоу азинтә актқәа рынагӡара ахьынӡаалыршахаз азы 79 материал рыҭҵаара аихшьаалақәа ирыхәаԥшит.  

2020 шықәса инаркны 2022 шықәса актәи ашықәсбжа аҟынӡа апоокуратура аусбарҭақәа рҿы ирыдыркылеит 89 инарзынаԥшуа апрокурортә зхьаԥшра уснагӡатәқәа.  

Аилатәара аҿы иара убас апрокуратура аусбарҭақәа русура аҿы ицәырҵыз  агхақәагьы ирылацәажәеит.

Аилатәара аихшьаалақәа рыла апрокурор Хада атерриториалтә прокурорцәа «Аԥсны апрокуратура азы» азакәан аҿы иарбоу рзинмчы нагӡаны ахархәара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.

Аилатәара рхы аладырхәит апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа, апрокуратура Хада ихаҭыԥуаҩ – арратә прокурор Руслан Ҭарба,  Апрокуратура Хада аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи апрокурорцәеи атерриториалтә прокурорцәеи аҷыдалкаатә прокурорцәеи урҭ рыцхырааҩцәеи.

 

 


Read 204 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.