АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Жәабран.2023

АԤСНИ ҬАҬАРСҬАНИ РМУНИЦИПАЛИТЕТҚӘА АУСЕИЦУРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РЫБЖЬАРҴЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Ҭаҭарсҭан Высокогорски, Тетиушскии, Заинскии араионқәеи Аԥсны  Аҟәатәи,  Гагратәи, Гәдоуҭатәи араионқәеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.   Ҭаҭарсҭантәи амуниципалитетқәа рхаҭарнакцәеи аԥснытәи аделегациа ахаҭарнакцәеи  реиԥылара Ареспублика Ҭаҭарсҭан амуниципалтә еиҿкаарақәа Рхеилак аҿы имҩаԥысит.

Аиԥылара аартуа, Ареспублика Ҭаҭарсҭан амуниципалтә еиҿкаарақәа Рхеилак ахантәаҩы  Екзам Губаидуллин аделегатцәа ирзеиҭеиҳәеит Ҭаҭарсҭан ишьақәгылаз аҭыԥантәи ахаланапхгара асистема атәы. Ирылацәажәан амуниципалтә мчра аусбарҭақәа рыструктура, ареспубликатәи амилаҭтәи программақәа рынагӡара, актуалра злоу апроблемақәа рыӡбара азы амуниципалтә грантқәа рзоужьра, уҳәа  актуалра злоу аусура ахырхарҭақәа.

Иқәгылоз иара убас дазааҭгылеит аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рматериал-техникатә база арӷәӷәара, амассатә информациа ахархәагақәеи амуниципалтә усзуҩцәеи рзы аконкурсқәа рымҩаԥгара, амуниципалтә усзуҩцәа рзанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхра, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа.  

Ахәҭакахьала, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган атәыла асоциал-економикатә ҭагылазаашьеи аҭыԥантәи ахаланапхгара аусуреи  рзы адырра ҟалҵеит. Аԥсны амуниципалитетқәа рҿы иҟоу атенденциа иалацәажәеит иара убас Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, уҳәа Аԥсны егьырҭ араионқәеи рхадарақәа рхаҭарнакцәагьы.

Анаҩс  ареспубликақәа рмуниципалтә еиҿкаарақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, акультуратә, уҳәа егьырҭ аусхкқәа рыла аусеицура азы аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵыҩра мҩаԥысит.

Аусшәҟәқәа рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанааи Ареспублика Ҭаҭарсҭан Высокогорныи араион ахада Равиль Хисамутдинови, Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишбеи Тетиушски араион ахада Рамис Сафиуллов, Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуеи Заински араион ахада ихаҭыԥуаҩ Пиотр Уразаикин. 

 

 


Read 307 times - Ахәаша, 03 Жәабран 2023 10:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.