Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Инал Арӡынба Женеватәи аиҿцәажәарақәа ихаамҭанытәиу араунд ахырԥара азы ахҳәаа ҟаиҵеит.
Ахҳәаа атекст аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Жәабран 21-22 рзы имҩаԥысраны иҟаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд ахырԥоуп Европатәи атәылақәа Реидгыла, Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) рҟынтәи ацхантәаҩцәа рхаԥышәала.
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ари зныкым иҩынтәым. Ацхантәаҩцәа ганкытә аӡбра рыдыркылоит, иарбанызаалак обиектив мзызк амырбакәан, аилацәажәаратә процесс алахәылацәа ирмазҵаакәан.
2022 шықәсазы иазыԥхьагәаҭаз ԥшь-еиԥыларак рҟынтәи имҩаԥысит акы заҵәык. Ҳазҭалаз ашықәс азгьы ари аҩыза аҭагылазаашьа аабоит.
Асеиԥш ацхантәаҩцәа рхымҩаԥгашьа аиҿцәажәаратә процесс иаԥырхагоуп, арегион аҿы аҭышәынтәалара ашәарҭара иҭанаргылоит.
2023 шықәса жәабран мзазы имҩаԥысраны иҟаз аиԥылара ахьаԥыххаз инадҳәаланы Аԥснытәи аган, жәабран 8-9 рзы Аԥсны аофициалтә хаҿқәа ирԥылараны иҟаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыра ралаларазы мап рыцәкуп.