Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент V ааԥхьара адепутат Беслан Шутик-иԥа Гәбаз иаамҭаӡамкәа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.
Адышшылараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәҩы Белан Шутик-иԥа Гәбаз Апарламент аусураҟны илагаламҭа ыҟоуп Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи, аекологиеи зы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩи Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак алахәҩи иаҳасабала.
Уи иара убас ҳ-Парламент хаҭарнакра азиуан Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аграртә зҵаарақәеи аԥсабарахархәареи рзы аилак аҟны. Аоптимизмра, аусуралшара, ҭакԥхықәрала аус азнеира, аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рганахь ала имаз агәбылра уҳәа реиԥш иҟаз зҟазшьаз уаҩын Беслан Шутик-иԥа.
Иаамҭаӡамкәа иԥсҭазаара иалҵра зегьы ҳзы цәыӡ дууп.
Беслан Шутик-иԥа Гәбаз игәалашәара лаша ҳацзаауеит уи изааигәаз, иҩызцәа, иколлегацәа, дыздыруаз, ҳаҭыр иқәызҵоз зегьы».