Убри адагьы азакәан апроект ашьашәалара ахә ашьара аџьармыкьаҟны, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахәаахәҭра апартниорцәа атәылақәа рыҟны аус зуа аԥснытәи аиҿкаарақәа разхаҵаразы аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит. Аилак азыӡба аднакылеит Апарламент изаамҭанытәиу асессиа аилатәараҟны актәи аԥхьараан адкыларазы адгалара.
Аилатәараан адепутатцәа алацәажәеит 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 13 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Афымцамч атарифқәа рышьҭыхра аанкыларазы" азакәан апроект.
Ари азакәан апроект аԥшьгаҩцәа Апарламент иаднагалоит «Ахәԥсақәа рҳәынҭқарратә ҳәаақәҵаразы» 2011 шықәса хәажәкырамза 10 аҟн. Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны афымцамч атарифқәа рышьҭыхра аанкылара. Ари азакәан апроект иахәаԥшны адепутатцәа азыӡба рыдыркылеит Апарламент ааигәа имҩаԥысуа асессиа аилатәараҟны аҩбатәи аԥхьараан адкылара.
Иара убас иахәаԥшит «Иаартны еизаку аахәарақәа рзы» азакәан апроект, иагьыӡбан аҩбатәи аԥхьараан адкыларазы асессиа аилатәараҟны анагара.
Ари азакәан апроект рыдыркылеит 2022 шықәса лаҵарамза 22 рзы актәи аԥхьараан. Аилатәара алахәцәа хәҭаҷцыԥхьаӡа 2011 шықәса жәабранмза 22 раахыс аус зуа «Ахәԥсақәа рҳәынҭқарратә ҳәаақәҵаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан иахәаԥшит. Уи ишьақәнаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ахәԥсақәа рҳәынҭқарратә ҳәаақәҵара аусхк аҟны аҳәынҭқарратә политика азинтә шьаҭақәа; иҳәаақәҵахо ахәқәа рхархәара аусхкқәа; ахәԥсақәа рҳәынҭқарратә ҳәаақәҵара мҩаԥызго аусбарҭақәа рзинмчқәа; ахәшьақәыргылараҟны аԥшәымара зуа асубиектқәа рзинқәеи, рхыдҵақәеи, рҭакԥхықәрақәеи.
Аилак алахәцәа ари Азакәан ахархәара иадҳәалоу аналитикатә усура инацҵаны имҩаԥыргоит.