Аилатәара иалахәыз иҷыдоу акатегориа иаҵанакуа ахәшәқәеи амедицинатә маҭәашьарқәеи раиуразы азин узҭо арецептқәа ралҩаареи рыҭареи асистемаркреи аиҿкаареи хымԥадатәиуп ҳәа иазгәарҭеит. Иара убас Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа арецептқәа раиура азы ирымоу азин ахьчара иаҵоу аҵакы ахадарагьы инаҵшьны иазгәаҭан.
19.Ԥхынҷкәын.2022
АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР ЕДУАРД БЫҬӘБА АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АИЛАТӘАРА ИХЫ АЛАИРХӘИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу акатегориа иаҵанакуа ахәшәқәеи амедицинатә маҭәашьарқәеи раиуразы азин узҭо арецептқәа ралҩаара апроблема иазкын иахьа имҩаԥысыз асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы апарламенттә Еилакы аилатәара.
Аилатәара Аилак алахәылацәа рнаҩс иалахәын атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба.