АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Ԥхынҷкәын.2022

АԤСНЫТӘИ АԤСЕИҚӘЫРХАҨЦӘА ЛУГАНСКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКА АХЬ АГУМАНИТАРТӘ ЕИДАРА НАРГЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа напхгара зиҭо аԥснытәи аԥсеиқәырхаҩцәа Лугансктәи Жәлартә Республика иаҭааит, ҳәа иаанацҳауеит аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа инапынҵала Лугансктәи Жәлартә Республика ахь 20 тонн инареиҳаны амандарина наргеит. Аиашьаратә жәлар аҟынтәи ацитрустә шәырқәа ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа раламҭалазы ареспублика иқәынхо ахәыҷқәа ирызшахоит.

Ԥхынҷкәынмза 16  рзы Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра Ашҭа аҟынтәи амҩа иқәлеи Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра агуманитартә колонна.  Агуманитартә еидара Лугансктәи Жәлартә Республикеи Донецктәи Жәлартә Республикеи Запорожтәии Херсонтәии аобластқәеи рахь идәықәҵахеит. Уи дацны дцеит аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа ахада Лев Кәыҵниа.

Иазгәаҭатәуп, Урыстәылатәи Афедерациа зегьы иахьаҵанакуа имҩаԥысуа агуманитартә акциа ишадгыло урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара «Молодая гвардия» аволонтиорцәагьы. Аволонтиортә центрқәа аартхеит Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи, иара убас Лугансктәи Жәлартә Республикеи Донецктәи Жәлартә Республикеи рыҟны.  


Read 391 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.