АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2022

ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ, АПАРЛАМЕНТБЖЬАРАТӘИ АИМАДАРАҚӘА РЗЫ АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АИЛАТӘАРА РХЫ АЛАДЫРХӘИТ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АХАҬАРНАКЦӘА.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Алхас Барцыц ихантәаҩрала имҩаԥысит жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи  рзы апарламенттә Еилакы аилатәара. Уи ихы алаирхәит атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа.

Аилак аилатәара аҿы ирылацәажәеит адипломатиатә маҵзура азы азакәан апроект аиқәыршәара азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ажәалагалақәа.

Атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа ргәаанагара ианазыӡырҩы ашьҭахь, адепутатцәа иарбоу азҵаара ала ирыдгалаз аматериалқәа рыҭҵаареи, анаҩс иааиуа Акомитет аилатәарақәа руак аҿы урҭ рыхәаԥшреи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 287 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.