Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рнапхгаҩцәа Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш рыдиныҳәалеит.
Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко лыхьӡала ишьҭу адныҳәалараҟны иҳәоуп: «Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Урыстәылатәи аҳәынҭқарра аҿиара ахырхарҭа хадақәа ҳәаақәнаҵоит, аамҭа ицәырнаго ашәарҭара дуқәа инарықәыршәаны зыда ԥсыхәа ыҟам азыӡбақәа рыдкылара иацхраауеит, аурыстәылаа рзы итрадициатәу адоуҳатә-леишәатә ҵасқәа реиқәырхара иацхраауеит.
Ҳара агәра ҳгоит аԥсны-урыстәылатәи апарламентбжьаратә усеицура аԥхьаҟгьы арӷәӷәара Аԥсны Урыстәылеи рыжәларқәа ринтересқәа инарықәыршәаны ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа реизырҳара ишацхраало.
Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин изырханы Лаша Ашәба иҳәеит: «Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа уи азинтә система уасхырс иамоуп, УА аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбара шьаҭас иамоуп.
Гәахәарала иазгәаҳҭоит астратегиатә усеицура аганахьала аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рырӷәӷәара наҟ-ааҟгьы азҿлымҳара иаҳҭо.
Ҩ-ганктәи аимадарақәа рҟазшьа ҷыдақәа шьақәырӷәӷәан официалла имҩаԥысыз ҳаиҭанеиааирақәа рыҟны. Урҭ реихшьалақәа рыла иалыршаз аиқәшаҳаҭрақәеи Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭрақәа ҳаизыҟазаашьа аганқәа зегьы рырҭбааразы акрызҵазкуа ак акәны иҟалеит».
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Афедерациа Ахеилак алахәцәа, Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, Урыстәыла ажәлар зегьы ирзеиӷьеишьеит аихьӡарақәа руснагӡатәқәа рыӡбараҟны, аҭынчра, аизҳазыӷьара.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рыхьӡала Лаша Ашәба иара убас адныҳәалара ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ихьӡала.