Иҭахаз иԥсыбаҩ раԥхьа аибашьра адәы аҟынтәи Ҟәбина аҳҭнықалақь ахь иааргеит.
Беслан Тапаӷәуа анышә дамардоит Гал ақалақь аҿы.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа Краснодар ақалақь аҟынтәи ареспубликаҟа иааргеит Донбасс ахақәиҭтәразы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, 1998 шықәса рзы ииз Тапаӷәуа Беслан Гьаргь-иԥа иԥсыбаҩ, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Иҭахаз иԥсыбаҩ раԥхьа аибашьра адәы аҟынтәи Ҟәбина аҳҭнықалақь ахь иааргеит.
Беслан Тапаӷәуа анышә дамардоит Гал ақалақь аҿы.