Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада урыстәылатәи арегионқәа рыҟны инхо ахәыҷқәа рзы агәыҳалалратә еидара адәықәҵара инамаданы аиԥылара мҩаԥигеит.
Аԥсны Донецктәии Лугансктәии Жәлар рреспубликақәа, иара убас Херсонсктәии Запорожсктәии аобластқәа рыҟны инхо ауааԥсыра рзы агәыҳалалратә цхыраара ашьҭразы азыҟаҵарақәа цоит.
Аҳәынҭқарра Ахада аиԥылара мҩаԥигеит абизнес уаажәларра ахаҭарнакцәа ааԥхьаны, Урыстәыла арегион ҿыцқәа рыҟны инхо ахәыҷқәа рзы агәыҳалалратә еидара аиҿкаара азҵаара алацәажәаразы.
Аҳәынҭқарра Ахада агәыҳалалратә цхыраара аҟаҵараҟны Аԥсны анаплакҩцәа адиԥхьалеит агәацԥыҳәарала рхы аладырхәырц.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны атәылауаа аӡәырҩы ашықәсҿыцазтәи агәыҳалалратә акциа аҽалархәразы агәаҳәара шрымоу, Донецктәии Лугансктәии Жәлар рреспубликақәеи, Херсонсктәии Запорожсктәии аобластқәеи рхәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы. Урҭ ирыӡбеит рбаҳчақәа рҟынтә амандарин ҿыхны Ашықәс Ҿыц азы аҳамҭа рзырышьҭырц.
Абри инамаданы, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа инапы иаҵан ареспублика ақалақьқәа зегьы рыҟны амандарин еизгаразы апунктқәа реиҿкаара. Урҭ ақалақьқәа рыҟны иҟоу ашҭақәа рҿы ауааԥсыра рҽаҩра наргар рылшоит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит: «Ашықәс ҿыц ааиуеит лассы, уи амандарин афҩыхаа ацуп. Аныҳәазы уажәеиԥш аамҭа хьанҭа иҭагылоу ахәыҷқәа рзы ари ҳамҭа бзиоуп. Шәаргьы ҳаргьы абри аныҳәа рзыҟаҳҵароуп!»
Источник: https://www.apsnypress.info/ru/novosti/item/2731-v-abkhazii-gotovitsya-otpravka-gumanitarnoj-pomoshchi-dlya-zhitelej-dnr-lnr-khersonskoj-i-zaporozhskoj-oblastej.
© АПСНЫПРЕСС.