Иааиԥырҟьам «аимадара ацәаҳәа» аҭел – (+7 840) 226-98-98.
05.Ԥхынҷкәын.2022
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АМАҴЗУРА АԤСНЫ ИАХЬАҴАНАКУА АТЕРРОРИСТТӘ ШӘАРҬАДАРА АҞАЗААРА АЗЫ АИНФОРМАЦИА АГӘАҬАРА МҨАԤНАГОИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аԥсны иахьаҵанакуа атеррористтә шәарҭадара аҟалара алшоит ҳәа иҟалаз аинформациа агәаҭара иазкны аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура атәылауаа рахь апровакациа аҽамҭареи аҭынчреи агәҽанызаареи раарԥшреи рзы ааԥхьара ҟанаҵоит.