Ҳара иахьа ҳрызгәдууп зыԥсҭазаара зегьы ззанааҭ иазыскыз аԥсуа милиционерцәа. Шәара шәҩызцәа аӡәырҩы рхы иамеигӡа Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит, аӡәырҩы убас иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахеит.
Иахьа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аус руеит хыԥхьаӡара рацәала аҿар, аветеранцәа раамышьҭахь амаҵура иахагылазгьы уахь иналаҵаны.
Зыҩаӡара ҳараку азыҟаҵара ҷыдеи азанааҭтә дырра аҩаӡара аизырҳара аҽазышәареи рнаҩс, акырӡа аанагоит аиҳабацәа хәы-змам рԥышәа рымадара. Убри ишиашоу иадҳәалоуп шәусура алҵшәа, аҵыхәтәаны – атәыла ауааԥсыра иааизакны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭа асистема иарҭо ахәшьра.
Шәнапы злаку акырӡа зҵазкуа аус аҿы ақәҿиарақәеи ауаажәларратә патуқәҵареи шәзеиӷьасшьоит»