АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Абҵара.2022

АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА РЗЫ МЫҚӘТӘИ АНЫХАБАА АҾЫ ЕИЗГОУП 342 734 МААҬ.

Аҟәа. Абҵарамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Амҽыша, абҵарамза 6 рзы, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лылацәеиқәыԥсара ахьӡ зху Мықәтәи аныхабаа аҿы Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капеллеи ргәыҳалалратә концерт мҩаԥысит.  

Агәыҳалалратә акциа амҩаԥгара иабзоураны аизгара алыршахеит 342 734 мааҭ, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны акультура Аминистрра.

Еизгахаз аԥаратә хархәагақәа зегьы аныхабаа аиҭашьақәыргылара иазкхоит. Асадаҟа аҟаҵара акциа аолаин арежим ала иацҵахоит. (https://t.me/mincultra/1755).

 


Read 344 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.