АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Абҵара.2022

ЛУКА ГАДЕЛИА АКОНКУРС «2022 ШЫҚӘСАЗЫ ИРЕИӶЬУ ОРӶАНРҲӘАҨЫ», АНОМИНАЦИА «ПЕРСОНА» АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи апремиа «2022 шықәсазы иреиӷьу аорӷанрҳәаҩы» аҿы аиааира згаз рыхьӡқәа рҳәеит аԥшьаша, Калининград ақалақь аҿы. Аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Иммануил Кант ихьӡ зху адгьылбжьахаҿы иҟоу аҭоурыхтә ҵакы змоу Акафедралтә ныхабаа аҿы. Араҟа игылоуп Урыстәыла зегьы аҿы иреиҳау аорӷантә комплекс, ҳәа ТАСС ахь адырра ҟалҵеит аныхабаа апресс-маӡаныҟәгаҩ, иарбоу арҿиаратә проект     апартниорс иҟоу Иана Лутченко.

«Сынтәа арҿиаратә аԥшьгарақәа рыҿиара Афонд ала иаԥҵоу, Урыстәыла иахьаҵанакуа аналогқәа змам апремиа «Ашықәс азы иреиӷьу аорӷанрҳәаҩы» алахәхаразы аконкурстә алԥшаарақәа реихшьаалақәа рыла еиуеиԥшым урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи иалаҵан 20 инарзынаԥшуа азыҳәамҭақәа. Аӡбаҩцәа алауреатцәа алыркаауан ԥшь-номинациак рыла  - «Персона», «Адебиут», «азанааҭ ахь алагала азы», «Зегьы реиҳа аоригиналра злоу аконцептуалтә концертә программа азы». Урҭ аконкурсантцәа аорӷанрҳәара аҿы реиихьӡарақәа раарԥшра алнаршоит», - ҳәа илҳәеит лара.

Аноминациа «Персона» аҿы зықәгыларақәа амассатә информациа ахархәагақәеи азанааҭтә еилазаареи рҿы арезонанс зцыз, апублика аҿы зыхьӡ наҩхьоу аоӷанрҳәаҩцәа рыбжьара аҳаҭыр ду зқәу, уимоу, акультуратә бренд ҳәа изышьҭоу Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аԥснытәи афилармониа асолист Лука Гаделиа ианашьахеит., которого называют культурным брендом.


Read 289 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.