АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Абҵара.2022

ИХЫРКӘШАХЕИТ XVI АРРА-СПОРТТӘ ХӘМАРРАҚӘА «АИААИРА».

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ихыркәшахеит XVI арра-спорттә хәмаррақәа «Аиааира», ҳәа иаанацҳауеит аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра апресс-маҵзура.

Аицлабрақәа рхы аладырхәит жәаҩы-жәаҩыла еилаз аа-командак. Ахәмаррақәа реихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәа ақалақь акоманда, аҩбатәи аҭыԥ - Гагра араион акоманда, ахԥатәи аҭыԥ - Ҭҟәарчал араион акоманда.

Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ахәмаррақәа ирылахәыз дрыдныҳәалеит, ахраҿақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи амедалқәеи ранеишьеит, иара убас  ашьапылампылтә, анапылампылтә, амҵәышәмпылтә мпылқәа ҳамҭас ириҭеит.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан К. Дзидзариа ихьӡ  зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи – интернат аҿы. Убри аан адгылара ҟанаҵеит атәылахьчара Аминистрра.


Read 293 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.